Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Абанктә маҵзура аҭагылазаашьақәа рҳәаақәҵаратә аусбарҭабжьаратә комиссиа аконкурстә ҭагылазаашьақәа ҳәаақәнаҵеит, урҭ инрықәыршәаны, атәанчуаа атәанчахәи атәанчахәтә ҧсахтәқәеи рызҭаша абанк алырхуеит Print Version

2022-02-11

  ..

Абанктә маҵзура аҭагылазаашьақәа рҳәаақәҵаратә аусбарҭабжьаратә комиссиа аконкурстә ҭагылазаашьақәа ҳәаақәнаҵеит, урҭ инрықәыршәаны, атәанчуаа атәанчахәи атәанчахәтә ҧсахтәқәеи рызҭаша абанк алырхуеит.

Иахьа аиҳабыра радминистрациаҿы авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили инапхгарала имҩаҧгаз акомиссиа аилатәараҿы ишырыӡбаз ала, аҭагылазаашьақәа ҿыцқәа рыла атәанчуаа атәанчахәи атәанчахәтә ҧсахтәқәеи рызҭаша абанк алырхуеит анеҩстәм мызкык аҩнуҵҟала.

Иара убас, акомиссиа алахәылацәа, атәанчуаа атәанчахә ашьаҭала ирго аҧсахтә анаӡынатә хәҭагьы иалацәажәеит. Акомиссиа аӡбарала, атәанчахә ашьаҭала атәанчуаа ирырҭо аҧсахтә анаӡынатә хәҭа 26% еиҳахом, ҳаҧхьаҟа, аинфлиациа аҭышәынтәалахара иашьашәаланы, ари ахәҭа иҵегьы имаҷхар ауеит.

Авице-аҧыза ишиҳәаз ала, аконкурс аан абанқәа рыбжьара аконкуренциа ду ҟалап ҳәа дгәыҕуеит, уи атәанчуаа рзинқәа рыхьчареи дара зегьы реиҳа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа рыдгалареи иацхраауеит.

Аусбарҭабжьаратә комиссиа аилатәара рхы аладырхәит анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәа, урҭ иреиун апарламенттә иалоу аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәагьы. Иара убас, акомиссиа аусура иалахәын Амилаҭтә банкгьы.

Аусбарҭабжьаратә комиссиа еиҿкаан ҧхынгәы 28 рзы, аиҳабыра рнапхгаҩы идҵала. Акомиссиа алахәылацәа интенсивла аус руан ауаа атәанчахәи, еиуеиҧшым аҧсахтәқәеи, аҳәынҭқарратә компенсациақәеи, ацхыраареи рыҭара асистема аҭҵаареи ари апроцесс аҿы иҟоу агхақәа раарҧшреи азы, анеҩс, анализ ҟаҵаны, абри зегьы ашьаҭала, иашьашәалоу аконкурстә ҭагылазаашьақәа ҳәаақәырҵеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура