Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аҧыза-министр иинициативала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 8-нӡа Қырҭтәыла арегионқәа зегьы рҿы ашықәсҿыцтәи ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит аковидрегулиациақәа рықәныҟәарала Print Version

2021-12-23

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иинициативала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 8-нӡа Қырҭтәыла арегионқәа зегьы рҿы ашықәсҿыцтәи ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит.

63 амуниципалитетқәа рҿы еиҿыркаауеит ашықәсҿыцтәи аџьармыкьақәеи, ацәыргақәҵақәеи, ахәыҷтәы агәырҿыхаратә ашҭақәеи. Уааҵәҟьа идыргылоит амҿытә ашықәсҿыцтәи аҩнқәеи, афотоҭыхратә стендқәеи, аинсталиациақәеи. Бабаду амуниципалитетқәа ирықәынхо ахәыҷқәа ахаатәқәеи аҳамҭақәеи рзишоит.

Ахәылбыҽхан зехьынџьара аконцертқәа мҩаҧысуеит, урҭ рхы рыладырхәоит аҭыҧантәи амузыкантцәеи аҳҭнықалақь аҟынтә инарыҧхьо ашәаҳәаҩцәеи. Ауснагӡатәқәа хыркәшахоит агәырҕьаратә салиут ала.
Ауснагӡатәқәа зегьы рҿы аковидрегулиациақәа ихьчазаауеит

Ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит абри аихшанҵа инақәыршәаны:
ҧхынҷкәын 24 - Местиа, Тҟибули, Ҭелави;
ҧхынҷкәын 25 - Озургеҭи, Ниноҵминда, Қарели, Душеҭи;
ҧхынҷкәын 26 - Марнеули, Чхороҵҟу, Ҭерџьола, Гурџьаани;
ҧхынҷкәын 27 - Сачхере, Хашури, Алахқалақьи, Қобулеҭи;
ҧхынҷкәын 28 - Абаша, Самтредиа, Лагодехи, Ҭеҭриҵҟаро;
ҧхынҷкәын 29 - Аспинӡа, Хелвачаури, Каспи, Амбролаури, Ҷиатура;
ҧхынҷкәын 30 - Қәҭешь, Ҷиатура, Дедоҧлисҵҟаро, Гардабани, Ҭианеҭи;
ҧхынҷкәын 31 - Жәыргьыҭ, Борџьоми, Цагери;
ажьырныҳәа 1 - Баҕдаҭи;
ажьырныҳәа 2 - Ҵалка, Ахмета, Қеда, Они, Ҟазбеги, Ҵҟалтубо;
ажьырныҳәа 3 - Сенаки, Вани;
ажьырныҳәа 4 - Хони, Русҭави, Шуахеви, Адигени, Ҟварели;
ажьырныҳәа 5 - Зестафони, Хоби, Дманиси, Ҵнори, Сиҕнаҟи;
ажьырныҳәа 6 - Мартвили, Хуло, Болниси;
ажьырныҳәа 7 - Лентехи, Ҧуҭ, Ҵаленџьиха, Сагареџьо, Ахалцихе, Мцхеҭа, Гори;
ажьырныҳәа 8 - Харагаули;
ажьырныҳәа 13 - Ланчхуҭи, Чохатаури.