Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Иахьа Баҭым имҩаҧысраны иҟоу Қырҭтәыла-Бырзентәыла ашьапылампылтә матч ахәаҧшцәа рыда имҩаҧысуеит Print Version

2021-10-09

Баҭым, Лаҵара 26 амҩаҿы анхарҭатә корпус аилаҳара амшала иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы, иахьа Баҭым Қырҭтәыла-Бырзентәыла ашьапылампылтә матч ахәаҧшцәа рыда имҩаҧысуеит.

Аматч ашҟа ахәаҧшцәа 33% рынашьҭра иазкны жьҭаара 5 рзы Акоординациатә хеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аӡбара аҧыхуп.

Абилеҭқәа аазхәаз ахәаҧшцәа аҧара рыздырхынҳәуеит. Аматч рбар рылшоит Баҭым инеихьоу Бырзентәыла аделегациеи Қырҭтәыла Ашьапылампылтә федерациа ахаҭарнакцәеи мацара.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa