Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

„Ассоциациатә трио“ атәылақәа рҧыза-министрцәа Евроеидгыла ахада ашәҟәы лзырҩит Print Version

2021-05-31

Лаҵара 31 рзы, Қырҭтәылеи Молдовеи Украинеи рҧыза-министрцәа Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен ашәҟәы лзырҩын, Евроеидгыла иаҳәеит Мрагыларатә партниорра атәылақәа акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинала реиқәыршәара иацхраарц.

Аҧыза-министрцәа иаҵшьны иазгәарҭеит апандемиа аныҟалаҵәҟьа, акоронавиурс ахкҿыци уи иахылҵыз асоциалтәи аекономикатә проблемақәеи рыҿагыларазы Евроеидгыла, зыҧшра ҟамҵакәа, апартниор тәылақәа ишрыцхрааз.

Ашәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала, уажәазы, апандемиа аҵархаразы ахадаратә ҵакы амоуп амассатә ишәарҭам авакцина. Убри аҟынтә, 3 тәылак рҧыза-министрцәа Еврокомиссиа иаҳәоит «авакцинақәа реиҭныҧсахлара амеханизм» Мрагыларатә партниорра атәылақәа рҿгьы аладырҵәарц, убри абзоурала, абарҭ атәылақәа, егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыла ироуа авакцинақәа рҭаҵәах иамҭаны ихадырҭәаар рылшоит. Аиҳабырақәа рнапхгаҩцәа ишазгәарҭаз ала, абри ахырхарҭала Еврокомиссиаҟны аусеицура анагӡара иазыхиоуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa