Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, ҵхыбжьон асааҭ 21:00 инаркны аиҭаҵразы ишьақәыргылаз аҧкра амч амазаауеит асааҭ 23:00 инаркны, акрыфаратә обиектқәа аҧсшьарамшқәа раан иаарту ақәыҧшылараҿы асасцәа рыдкылара азин роуит Print Version

2021-05-17

 ..

Ҵхыбжьон аиҭаҵразы аҧкра амч амазаауеит асааҭ 23:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа, иара убас, акрыфаратә обиектқәа аҧсшьарамшқәа рзы иаарту ақәыҧшылараҿы асасцәа рыдыркылар рылшоит, - абарҭ аӡбарақәа рыдыркылеит Аҧыза-министр инапхгарала аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, ҵхыбжьон аиҭаҵразы аҧкра арҧсыҽразы аӡбара рыдыркылеит аепидемиологиатә тенденциақәа ранализ ашьҭа ала. Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵоит арегулиациақәа рхылаҧшра апроцесс шыџьбарахо иазҧхьагәарҭарц, аҧкра амч аиуеит асааҭ 23:00 рзы. Асааҭ 21:00-нӡа, насгьы асааҭ 05:00 ашьҭахь аиҭаҵразы уаанӡа иҟаз азинқәа зегьы амч рымазаауеит.

Иара убас, иахьа ахеилак алахәылацәа ишырыӡбаз ала, ҳазну амчыбжь инаркны, акрыфаратә обиектқәа, асабшеи амҽышеи рзы, иаарту ақәыҧшылараҿы, арегулиациақәа зегьы рыхьчара ала, асасцәа рыдкылара рылшоит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ацклаҧшра нарыгӡоит, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахар, рашәара 1 инаркны иҵегьы аҧкрақәа рырҧсыҽра иазкны аӡбарақәа рыдыркылоит.

Аилатәараҿы иаҵшьны иазгәаҭан асоциалтә уснагӡатәқәа, иаҳҳәап, ачарақәеи, аҧсхәарақәеи, абанкетқәеи уҳәа, убас егьырҭгьы рымҩаҧгаразы ишьақәыргылаз аҧкра уажәгьы амч шамоу, абарҭ ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара шыҟамло.

Иара убас, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымҧада еиҧҟьарада атестирра ззымҩаҧгатәу агәыҧқәа рашәарамзазгьы аҳәынҭқарра ахарџьла атестқәа рзыҟарҵоит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак даҽазнык ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟанаҵоит ишьақәыргылоу арегулиациақәа ирықәныҟәаларц, асабрадақәа рҿазарц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц.

Қырҭтәыла акоронавиурс раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанӡа, атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьқәырҕәҕәоуп 330 879-ҩык, урҭ рҟынтә 310 859-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4 469-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 67-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 657-ҩык, астационар аҿы - 4 395-ҩык.

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa