Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла Акомуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧ аанкылара амзызла ирылаҳәаз аконкурс алахәылацәа ирызку аинформациа Print Version

2021-04-28

Қырҭтәыла Акомуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧ аанкылара амзызла ирылаҳәаз иаарту аконкурс аҽалархәразы, аконкурстә аҿҳәара аҳаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгара арзаҳалқәа аларҵеит: Нино Қубиниӡе, Ирина Верӡеули, Иване Махараӡе, Мариам Сулабериӡе.

Азакәан инақәыршәаны, акандидатцәа рсиеи дара ицәырыргаз аконкурстә документациеи Қырҭтәыла аиҳабыра рофициалтә вебдаҟьаҿы икьыҧхьуп.

„Адырраҭара иазку" Қырҭтәыла азакәан 9-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, 2021 шықәса хәажәкыра 29 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара №490 иашьашәаланы, 2021 шықәса хәажәкыра 29 инаркны, Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы акомиссиаҿы иҭацәны иҟоу ҭыҧк аанкыларазы иаарту аконкурс рылаҳәоуп. Ауааҧсыра зегьы, иаарту аконкурс анрыларҳәа инаркны 30 мшы рыҩнуҵҟа акандидат дықәдыргылар рылшоит. Қырҭтәыла азакәан ала ишьақәыргылоу аҳәарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы акандидат ауаажәларратә азхаҵареи ажәлар рҟынтә агәрагареи имазароуп, аекономика, аҳәынҭқарратә напхгараҭара, абизнес анапхгаараҭара, азин, аелектронтә коммуникациақәа, ма ажурналистика аусхкы аҿы амагистр иҩаӡара ма уи иашьашәалоу академиатә аҩаӡареи 10 шықәса иреиҵамкәа аусуратә ҧышәеи имазароуп, урҭ рҟынтә 3 шықәса - анапхгаратә маҵзураҭыҧ аҿы.

Қырҭтәыла аиҳабыра, азакәан ала ишьақәыргылоу аквалификациатә аҳәарақәа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла ахада илыдаргалоит 3-ҩык иреиҵамкәа акандидатцәа. Қырҭтәыла ахада, абарҭ акандидатцәа, ралхра амзызла, апарламент иадалгалоит. Апарламент, Қырҭтәыла арегламент ала ишьақәыргылоу аҧҟара ала, Қырҭтәыла ахада иқәлыргыло акандидатцәа рҟынтә Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәыла далырхуеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa