Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы акомиссиаҿы иҭацәны иҟоу ҭыҧк аанкыларазы иаарту аконкурс рыларҳәеит Print Version

2021-03-29

„Адырраҭара иазку" Қырҭтәыла азакәан 9-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, 2021 шықәса хәажәкыра 29 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара №490 иашьашәаланы, 2021 шықәса хәажәкыра 29 инаркны, Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы акомиссиаҿы иҭацәны иҟоу ҭыҧк аанкыларазы иаарту аконкурс рылаҳәоуп. Ауааҧсыра зегьы, иаарту аконкурс анрыларҳәа инаркны 30 мшы рыҩнуҵҟа акандидат дықәдыргылар рылшоит. Қырҭтәыла азакәан ала ишьақәыргылоу аҳәарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы акандидат ауаажәларратә азхаҵареи ажәлар рҟынтә агәрагареи имазароуп, аекономика, аҳәынҭқарратә напхгараҭара, абизнес анапхгаараҭара, азин, аелектронтә коммуникациақәа, ма ажурналистика аусхкы аҿы амагистр иҩаӡара ма уи иашьашәалоу академиатә аҩаӡареи 10 шықәса иреиҵамкәа аусуратә ҧышәеи имазароуп, урҭ рҟынтә 3 шықәса - анапхгаратә маҵзураҭыҧ аҿы.

Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы кандидатс арегистрациазы ауаҩҧсы ицәыригароуп абарҭ адокументқәа:

а) аҩыратә арзаҳал ма адгалара, уи ацзароуп иқәдыргыло акандидат иқәшаҳаҭзааара;

б) акандидат ифотосахьак;

в) автобиографиа;

г) иреиҳаӡоу аҵара (иашьашәалоу азанааҭ ала) зыршаҳаҭуа адокумент ахкьыҧхьаа;

д) Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага ахкьыҧхьаа;

е) 10 шықәса иреиҵамкәа ( урҭ рҟынтә 3 шықәса анапхгаратә маҵзураҭыҧ аҿы) аусура зыршаҳаҭуа адокумент;

ж) ауаҩҧсы Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы „Адырраҭара иазку" Қырҭтәыла азакәан 11-тәи ахәҭаҷ ала ишьақәыргылоу аинтересқәа рконфликт ааҭагылазаашьақәа шидыруа зыршаҳаҭуа анапынҵамҭа;

з) адгаларатә шәҟәқәа, урҭ иҟазар.

Адокументқәа рыдыркылоит 2021 шықәса мшаҧы 27 налаҧхьаӡаны, абри аҭыӡҭыҧ аҿы: ақ. Қарҭ, Павле Ингороҟва имҩа #7, Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа.

Адокументқәа рыдкылара аҿҳәара аниаслак ашьҭахь, 10 мшы рыҩнуҵҟала, акандидатцәа рсиеи дара ицәырыргаз аконкурстә документқәеи Қырҭтәыла аиҳабыра рофициалтә вебдаҟьаҿы икьыҧхьазаауеит, убри анеҩс, Қырҭтәыла аиҳабыра, азакәан ала ишьақәыргылоу аквалификациатә аҳәарақәа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла ахада илыдаргалоит 3-ҩык иреиҵамкәа акандидатцәа. Қырҭтәыла ахада, абарҭ акандидатцәа, ралхра амзызла, апарламент иадалгалоит. Апарламент, Қырҭтәыла арегламент ала ишьақәыргылоу аҧҟара ала, Қырҭтәыла ахада иқәлыргыло акандидатцәа рҟынтә Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәыла далырхуеит.