Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы акомиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧқәа раанкылара амзызла имҩаҧысуа аконкурс алахәылацәа ирызку аинформациа

2021-01-21

Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы акомиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧқәа раанкылара амзызла имҩаҧысуа иаарту аконкурс алахәызааразы, 2020 шықәса ҧхынҷкәын 8 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара №2367 инақәыршәаны, иашьашәалоу аҿҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, арзаҳалқәа аларҵеит: Нино Қубиниӡе, Акаки Гигинеишвили, Иване Махараӡе, Екатерина Имедаӡе, Ҭамар Ҷелиӡе, Вахтанг Шеварднаӡе, Ирина Верӡеули, Константин Қаҭамаӡе, Мариам Лордқьиҧаниӡе. 2020 шықәса ҧхынҷкәын 8 рзы ирыдыркылаз ақәҵара №2368 инақәыршәаны ирылаҳәаз аконкурс алахәызааразы арзаҳалқәа аларҵеит - Нино Қубиниӡе, Акаки Гигинеишвили, Иракли Буҭбаиа, Наҭиа Кукулаӡе, Олиа Вот, Ҭамар Ҷелиӡе, Вахтанг Шеварднаӡе, Ирине Верӡеули, Константин Қаҭамаӡе, Мириан Ҕоҕабериӡе.

Азакәан инақәыршәаны, акандидатцәа рсиеи дара ицәырырго адокументқәеи ицәыргазаауеит Қырҭтәыла аиҳабыра рофициалтә вебдаҟьаҿы.

Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәылацәа Елисо Асаниӡеи Мераб Қаҭамаӡеи рзинмчқәа рыҿҳәара нҵәоит 2021 шықәса хәажәкыра 18 рзы. „Адырраҭара иазку" Қырҭтәыла азакәан 9-тәи ахәҭаҷ инақәырәшаны, акомиссиа алахәыла изинмчы аҿҳәара нҵәаанӡа 100мшы шагу, Қырҭтәыла аиҳабыра ақәҵара рыдыркылоит иаарту аконкурс амҩаҧгара иазкны. 2020 шықәса ҧхынҷкәын 8 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара №2368 инақәырәшаны, Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы иҭацәны иҟоу ҩ-ҭыҧк раанкылара амзызла, иаарту аконкурс рылаҳәоуп.

Қырҭтәыла азакәан ала ишьақәыргылоу аҳәарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы акандидат ажәлар рҟынтә азхаҵареи агәрагареи змоу иакәзароуп, аекономикатә, аҳәынҭқарратә напхгараҭара ма абизнес анапхгараҭала, азин, аелектронтә коммуникациақәа, ма ажурналистика амагистр иҩаӡара, мамзаргьы, уи иашьашәалоу аҵареи, 10 шықәса еиҵамкәа аусуратә ҧышәеи имазароуп, 3 шықәса - анапхгаратә маҵзураҭыҧ аҿы аусура налаҵаны. Қыырҭтәыла ахада, акандидатцәа ралхра амзызла, дара рсиа , апарламент ахь иадалгалоит. Қырҭтәыла ахада иқәлыргыло акандидатцәа рҟынтә, Қырҭтәыла апарламент, арегламент ала ишьақәыргылоу аҧҟарала, Қырҭтәыла Акоомуникациақәа рзы акомиссиа алахәылацәа алырхуеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa