Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аҧыза-министр акоронавирус ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы, агоспитальтә сектор аҿиара амзызла асасааирҭақәа иаҳа еиҕьны рхархәара аҵаки иацҵаны аресурсқәа рыҧшаареи иазкны драцәажәеит Print Version

2020-11-30

..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа акоронавирус ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы, агоспитальтә сектор аҿиара амзызла асасааирҭақәа иаҳа еиҕьны рхархәара аҵаки иацҵаны аресурсқәа рыҧшаареи иазкны драцәажәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ачымазаҩцәаз рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп, убри аҟынтә, ҷыдала зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧ рымазарц азыҳәан, агоспиталтә сектор излауа ала аидара аҵыхтәуп.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, агоспитальтә сектор ацхрааразы аҵакы ду амоуп усҟак зҭагылазаашьа цәгьам апациентцәа асасааирҭақәа рҿы рхәышәтәра, ари аганахьала хшыҩзышьҭра азун асимптомқәа змам, иара убас, зҭагылазаашьа цәгьам апациентцәа, аҭаацәаратә ҳақьым ихылаҧшра ала, аҩны рхәышәтәра азҵаара.
Аҧыза-министр агәыҕра имоуп ҩымштәи аҧкрақәа рыбзоурала атәылаҿы аиҭаҵра маҷхап ҳәа, уи агоспитальтә сектор аидара аҵхреи ҳаҧхьаҟа аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи иацхраауеит.
Хазхаҭалатәи аклиникақәа рнапхгаҩцәа Аҧыза-министр аинформациа ирҭеит ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа иацҵаны еиқәыршәаз аиарҭаҭыҧқәа ирызкны, иара убас, иаҭаххар иҵегьы шаҟа ҭыҧқәа реиқәыршәара рылшогьы рҳәеит. Ишазгәаҭаз ала, ҧасеиҧш,уажәгьы аҵакы ҷыда рымоуп зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы аинтенсивтә терапиа аҟәшаҿы аиарҭаҭыҧқәка рхыҧхьаӡара азҳаит.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит авице-аҧыза, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр Маиа Цқьитишвилии, агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡеи, агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниеи, Акоординациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау аоперативтә штаб анапхгаҩы Алеқсандр Хоџьеванишвилии.
Аҧыза-министр аклиникақәа рнапхгаҩцәа рҟны интенсивла аиҧыларақәа мҩаҧигоит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa