Қырҭтәылa aиҳaбырa – Аиҳaбырa aлaхәылaцәa

Иракли Чиқовани диит 1980 шықәса нанҳәа 28 рзы,Иракли ЧиқованиҚырҭтәыла, ақ. Жәыргьыҭ.

2002 шықәсазы ибзиаӡаны далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, жәларбжьаратәи азин азанааҭла.

2005 шықәсазы далгеит НАТО Атәылахьчаратә коллеџь (Рим, Италиа).


Иара аҳәынҭқарратә маҵзура далагеит 2000 шықәсазы, Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрраҿы.

2004 шықәсанӡа Атәылахьчара аминистрраҿы аус иуан, атәылахьчара аполитикеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рдепартамет аҿы еиуеиҧшым аҭыҧқәа ааникылон.

2004 шықәса анҵәамҭаз аусура наигӡеит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи шәарҭадара адепартамент адиректорс.

2006 шықәса инаркны иара адипломатиатә усура инапы аиркит, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ауаҩытәыҩсатә ресурсқәа анапхгара рыҭара адепартамент аиҳабыс дыҟан, иара убас, Жәларбжьаратәи зин адепартамент адиректор иҭыҧ ааникылон, убри анеҩс, 2007 шықәса ажьырныҳәаз, Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак ихаҭыҧуаҩс дҟарҵеит.

2009 шықәсазы Иракли Чиқовани Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак ихаҭыҧуаҩ иаҳасабала инапынҵақәа шьҭаҵаны, аполитикатә усура иҽалаирхәит.

2009-2011 шықәсқәа рзы апартиа „Зхы иақәиҭу адемократцәа" амаӡаныҟәгаҩ хадас дыҟан.

2011-2014 шықәсқәа рзы анапхгаратә каолициа - „Ақырҭуа гәахәтәы" аполитикатә хеилак далахәын.

2012 шықәсазы Иракли Чиқовани, аполитикатә каолициа „Биӡина Иванишвили - ақырҭуа гәахәтәы" апартиатә сиала, апарламент алахәылас далырхит. Аабатәи ааҧхьара апарламент аҿы иара афракциа дахантәаҩын, иара убас, адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитети атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы акомитети дрылахәын; Европа ахеилак Апарламенттә ассамблеиеи НАТО Апарламенттә ассамблеиеи рҿы еснагьтәи аделегациақәа дрылахәын.

2016-2018 шықәсқәа рзы Иракли Чиқовани, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи, ашәарҭадареи, азакәанмҩаҧгаратә усуреи азҵаарақәа рзы зхы иақәиҭу аексперт иаҳасабала, еиуеиҧшым жәларбжьаратәи апроектқәа дрылахәын.

2018-2020 шықәсқәа рзы астратегиатә коммуникациақәа рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ибжьагаҩс дыҟан, анеҩс, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ибжьагаҩс аус иуан.

2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа раан, апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы - адемократиатә Қырҭтәыла" акандидат иаҳасабала, Жәыргьыҭтәи амуниципалитет амажоритартә округ алхрақәа рҿы аиааира игеит. Ажәабатәи ааҧхьара апарламент аҿы адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа ркомитети атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы акомитети рылахәылас дыҟан; Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа еснагьтәи аделегациақәа дырнапхгаҩын.

2021 шықәса ҧхынҷкәын инаркны „Ақырҭуа гәахәтәы - адемократиатә Қырҭтәыла" аполитхеилак далоуп.
2023 шықәса абҵаразы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс далырхит.

2024 шықәса жәабран 9 инаркны Иракли Чиқовани Қырҭтәыла атәылахьчара аминистри авице-аҧызеи иоуп. Иара ззин наӡоу адеспан адипломатиатә ранги актәи акласс иаҵанакәа аҳәынҭқарратә абжьагаҩ акласстә чыни ианашьоуп.


Дҭаацәароуп, хҩык ахылҵ имоуп.