Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Алхратә комиссиа хада ахаҭарнакцәа аиҳабыра радминистрациа аусзуҩцәа иддырдырит алхратә електронтә технологиақәа русушьа Print Version

2023-10-16

Алхыҩцәа аинформациа рыҭара иазку акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, алхратә администрациа ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа ахаҭарнакцәа рҟны аиҧылара мҩаҧыргеит.

Алектронтә технологиақәа ирыдҳәаланы имҩаҧгаз аусура иазку аӡыргара мҩаҧылгеит Ацентртә алхратә комиссиа хада алхратә процессқәа рхылаҧшра адепартамент аиҳабы Ека Цабашвили; аиҧылараҿы аппаратқәа цәырганы, аимитациатә абжьыҭира мҩаҧыргеит.

Алхратә администрациа ахаҭарнакцәа ари ауснагӡатә мҩаҧыргеит зымҽхак дуу аинформациатә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи алхратә електронтә технологиақәа рӡыргареи алхрақәа рмодернизациа апроцесси иадҳәалоуп.
Зымҽхак дуу аинформациатә кампаниа хықәкыс иамоуп ауааҧсыра рдырра аиҕьтәреи, ари апроцесс иалахәы аганқәа иаҳа еиҕьны разыҟаҵареи, алхыҩцәа интенсивла аинформациа рыҭареи, абри зегьы 2024 шықәсатәи алхрақәа иҳараку апрофессионалтә аҩаӡараҟны, жәларбжьаратәи астандартқәа рыла рымҩаҧгара иацхраауеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура