Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла Аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи аиҿкааратә амилаҭтә комиссиа алахәызааразы акандидатцәа ралхра амзызла иаарту аконкурс рылаҳәоуп Print Version

2023-09-19

Қырҭтәыла Аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи аиҿкааратә амилаҭтә комиссиа (наҟ-наҟ - Семек) алахәылацәа - Давиҭ Нарманиеи Гоча Шониеи рзинмчқәа рыҿҳәара нҵәоит 2023 шықәса ҧхынҷкәын 22 рзы.

„Аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи аиҿкааратә амилаҭтә комиссиа аӡбарала, Аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи иазку Қырҭтәыла азакәан 20-тәи ахәҭаҷи Семек алахәызааразы акандидатцәа ралхратә комиссиа аӡбареи иашьашәаланы, Семек алахәызааразы акандидатцәа ралхра амзызла 2023 шықәса цәыббра 19 рзы, Аҳәынҭқарратә маҵзура абиуро ала, административтә вебдаҟьа www.hr.gov.ge ахархәарала иаарту аконкурс рылаҳәоуп.

Аконкурс аиҿкаареи амҩаҧгареи еиқәнаршәоит Қырҭтәыла аиҳабыра еиҿыркааз алхратә комиссиа. Алхратә комиссиа шьақәгылоуп 5ҩык алахәылацәа рыла, урҭ рҟынтә 3-ҩык ихьыҧшым алахәылацәоуп.

Ирылаҳәоу аконкурс аҽалархәра азин рымоуп иреиҳаӡоу аҵара змоу, Семек алахәызааразы Қырҭтәыла азакәан ала иҳәаақәҵоу афункциақәа рынагӡаразы иазхаша аквалификациеи аҧышәеи змоу Қырҭтәыла атәылауаа.

Аконкурс зхы алазырхәыр зҭаху акандидат ицәыригароуп абарҭ адокументқәа:


а) арзаҳал, уи иацзароуп акомиссиа алахәызааразы иаҭаху, акандидат изку Curriculum Vitae (CV);
б) акомиссиа алахәылас иалхра азы ақәшаҳаҭхара;
в) алхратә процесс иалахәы амаҵзурауаа/аорганқәа рыла иара изку, акомиссиа алахәызааразы кандидатс иалхразы иаҭаху аинформациа/адокументқәа реиҭагәаҭара ақәшаҳаҭхара;
г) Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зырҵабыргуа агәраргага ахкьыҧхьаа;
д) иреиҳаӡоу аҵара зыршаҳаҭуа адокумент ахкьыҧхьаа. Адокумент атәым бызшәала еиқәыршәазар, ақырҭуа бызшәахьы аиҭагеи азакәан ала ишьақәыргылоу апҟарала ишьақәырҕәҕәоу ахкьыҧхьааи;
е) 10 шықәса иреиҵамкәа аусура зыршаҳаҭуа адокумент ахкьыҧхьаа;
ж) ауаҩҧсы акомиссиа алахәыла изы Қырҭтәыла азакәан ала ишьақәыргылоу аетикеи, ахьыҧшымреи, аинтересқәа реимаки аҭагылазаашьақәа шидыруа азы анапынҵа;
з) адгаларатә шәҟәқәа, урҭ иҟазар;
и) иара ицәыригаз, мамзаргьы акомиссиа алахәызааразы кандидатс иалхра амзызла иара изкны иҧшаау аинформациеи адокументқәа раргаматәра ақәшаҳаҭхара ма мапкра;
к) иҭаххар, иара иусуратә ҧышәеи, азанааҭтәи аморалтә репутациеи иадҳәалоу аинформациа зну иарбанзаалак адокумент.

Адокументқәа рыдыркылоит 2023 шықәса цәыббра 19 инаркны - 2023 шықәса цәыббра 28 налаҧхьаӡаны, www. hr.gov.ge арзаҳал ахарҭәаарала.

Алхратә комиссиа алахәылацәа аконкурс иалахәы акандидатцәа ицәырырго адокументқәа ирыхәаҧшны, адокументқәа зегьы еиқәшәазар гәарҭоит.

Адокументқәа рыдкылара аҿҳәара аниаслак, 20 мшы ирхымгакәа, алхратә комиссиа алахәылацәа, арзаҳал алазҵаз ауаа рквалификациеи, ргәырҵҟәыли, рзанааҭтә ҧышәеи, рмотивациеи, ррепутациеи ахәшьара аҭаны, акандидатцәа аадырҧшуеит. Акандидатцәа рҟны аиҿцәажәара анымҩаҧысуа арыцхә шьақәдыргылоит алхратә комиссиа аӡбарала.

Ирылаҳәоу аконкурс аӡәы заҵәык далахәхар, алхратә комиссиа аӡбарала, аконкурс аҿҳәара иҵегьы 30 мшы ацырҵар ауеит.

Алхратә комиссиа, аконкурс ала иалырхуа акандидатцәа Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдаргалоит. Қырҭтәыла аиҳабыра акандидатцәа рзы еиқәшаҳаҭны, Қырҭтәыла ахада илыдаргалоит. Қырҭтәыла ахада, аҧыза-министр иҟны аицнапаҵаҩрала, акандидатцәа Қырҭтәыла апарламент адалгалоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра алхратә комиссиа ала иалху акандидатцәа рзы изеиқәшаҳаҭымхар, мамзаргьы, апарламент акомиссиа алахәылацәа алнамхыр, аконкурс еиҭамҩаҧгахоит.

Аконкурс алахәызааразы шәиас абри азхьарҧш ашҟа:

https://www.hr.gov.ge/JobProvider/UserOrgVaks/Details/81126?active=1

„Қырҭтәыла Аенергетикеи аӡылеиәқыршәареи аиҿкааратә амилаҭтә комиссиа алахәызааразы акандидат иалхра апҟара ашьақәырҕәҕәара иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра 2021 шықәса рашәара 29 рзы ирыдыркылаз ақәҵара N386.