Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Акурорт Шови аҿы иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, аиҳабыра радминистрациа ахыбреи Қырҭтәыла зехьынџьареи аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп Print Version

2023-08-07

Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала, нанҳәа 3 рзы Они амуниципалитетаҿ, акурорт Шови аҿы иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, нанҳәа 7 алахьеиқәшаратә мшуп.

Алахьеиқәҵаратә амш инамаданы, аиҳабыра радминистрациа ахыбреи Қырҭтәыла зехьынџьареи аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп.

Иара убас, нанҳәа 8 асааҭ 00:00 инаркны нанҳәа 9 асааҭ 00:00-нӡа аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭызаауеит Қырҭтәыла арегионқәа Аҧсны Аахыҵ Уаҧстәылеи закәандарала рымпыҵахалара амзызла Урыстәылатәи афедерациала Қырҭтәыла имҩаҧгаз зымҽхак дууз арратә интервенциа амшала иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла ргәаларшәаразы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура