Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра русура аартызаара аиндекс ала, Қырҭтәыла адунеиаҿ 17-тәи аҭыҧ ааннакылоит, аҳәынҭқарра анамысра аиндекс ала, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ аҧхьагылара амоуп Print Version

2023-06-26

Европатәи антикоррупциатә ҭҵаарақәа рцентр (Антикоррупциеи аҳәынҭқарратә аиҭаҿиареи азы европатәи ацентр) ицәырнагеит аглобалтә аартызаара 2023 шықәсатәи аҳасабырба - „Аартызаара аибашьраан". 2023 шықәсазы аартызаара аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла, иаалырҟьаны, 54-тәи аҭыҧ аҟынтәи, адунеи иреиҕьу ҩажәа ҳәынҭқарра рыгәҭа, 17-тәи аҭыҧ ааннакылеит.

Аартызаара адунеитә ареитинг аҿы Қырҭтәыла, Евроеидгыла иалоу 15 ҳәынҭқаррақәеи G7 иалахәы 4 ҳәынҭқарраки раҧхьа игылоуп, Финлиандиеи, Швециеи, Британиа Дуи ирывагылоуп.
Ареитинг аҿы Қырҭтәыла Канадеи, Германтәылеи, Иапониеи, Италиеи, Швеицариеи, Ирландиеи, Исландиеи, Даниеи, Чехиеи, Португалиеи, Мальтеи, Австриеи, Польшеи, Венгриеи, Израили, Бырзентәылеи, Бельгиеи, Лиуқсембурги, Нидерланди, Австралиеи, Кипри, Аладатәи Кореиеи раҧхьа игылоуп.

Европа Антикоррупциатә центр адыррала, „Аҳасабырбаҿы иарбоуп иахьазы адунеи зехьынџьара аиҳабырақәа русура аартызаара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа, иара убас, 143 ҳәынҭқаррақәа ирыдаргалоит аартызаараҵәҟьа аиқәыршәаразы аҭагылазаашьақәа. Аиндекс ахәшьара шьақәдыргылоит Иҭышәынтәалоу аҿиара 16-тәи ахықәки Акоррупциа иаҿагылоу ЕАР аконвенциа акритериқәеи рхархәарала аартызааразы аҳасабырбара аганахьала атәыла иахьыҟоу, мамзаргьы иҟазаарц ахьахәҭоу арбагала акәымкәа, ареалтә фактқәа рышьаҭала".

Европа антикоррупциатә центр ицәырнагаз „Аҳәынҭқарра анамысра аиндекс" ишыҟаз еиҧш иаанахеит, Қырҭтәыла, 6,72 абаллқәа рыла, адунеиаҿ 32-тәи аҭыҧ ааннакылоит. Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, аҳәынҭқарратә сектор анамысра аиндекс ала, Қырҭтәыла,Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит, ҧасатәи асоветтә қәыҧшылараҿы Қырҭтәыла иаҧасит Естониа мацара, егьырҭ атәылақәа зегьы Қырҭтәыла ашьҭахь игылоуп.

Аиндекс аанарҧшуеит атәылаҿы акоррупциа ахылаҧшра аҩаӡара, иреиҳаӡоу ахәшьара аиуеит акоррупциа ахылаҧшра аҩаӡара ахьыҳараку атәыла, ахәшьара лаҟәы роуеит акоррупциа ахылаҧшра ахьыҧсыҽу атәылақәа. Иара убас, аиндекс аанарҧшуеит намысла анапхгараҭара аганахьала аҳәынҭқарраҿы иҟоу апрактикеи, аӡбарҭа ахьыҧшымреи, апресса ахақәиҭреи, административтә ақәыҕәҕәара аҩаӡареи, аҳәынҭқарра аҳасабырбареи, аартызаареи арбагақәа.
Аҳасабырба еиқәыршәоуп ЕАРи, Адунеи абанки, Адунеизегьтәи аекономикатә форуми, егьырҭ жәларбжьаратәи иазхаҵоу асубиектқәеи, аглобалтә ахәшьараҭара аиҿкаарақәеи рыҭҵаарақәеи рыхәшьараҭареи ашьаҭала. Апроект мҩаҧгоуп Евроеидгыла Аҭҵаареи аҿиареи абыжьбатәи иҳәаақәҵоу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.

 

https://corruptionrisk.org/transparency/

https://www.againstcorruption.eu/wp-content/uploads/2023/06/Final-Report-ERCAS-T-index-2023.pdf

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура