Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе ЕАР аҳәынҭқарратә маҵзура амш иазку ауснагӡатә ааиртит Print Version

2023-06-23

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе ЕАР аҳәынҭқарратә маҵзура амш иазку ауснагӡатә ааиртит, ари амш хьӡыс иамоуп -„Иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарратә маҵзура: акариератәи апрофессионалтәи аҿиара".

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ауснагӡатә алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгыланы, ЕАР аҳәынҭқарратә маҵзура амш рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Реваз Џьавелиӡе ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара амоуп иҭышәынтәалоу, ҳаамҭазтәи апроблемақәеи аҭахрақәеи ирышьашәалоу аҳәынҭқарратә маҵзура аиқыршәара. Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, атәыла аиҳабыра аҳәынҭқарратә модельқәа реиҕьтәразы активла аус руеит.

Реваз Џьавелиӡе Иеиду аҳра аиҳабыреи, ЕАР аҿиара апрограммеи, Евроеидгылеи, апартниорцәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә маҵзура аҿиара апроцессаҿ иҟарҵаз алагала ду азыҳәан.

Ауснагӡатә асасцәа рҿаҧхьа, иара убас, дықәгылеит Аҳәынҭқарратә маҵзура абиуро аиҳабы Ҭеимураз Чихраӡе.

ЕАР аҳәынҭқарратә маҵзура амш иазку ауснагӡатә еиҿнакааит Аҳәынҭқарратә маҵзура абиуро, ауснагӡатә амҩаҧгара иацхрааит ЕАР аҿиара апрограммеи (UNDP) Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра аиҳабыра UK aid-и. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган апанельтә дискуссиақәа, урҭ рылахәылацәа акариератәи апрофессионалтәи аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура