Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иапониа афинансқәа рминистр диҧылеит Print Version

2024-05-04

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Азиатәи аҿиара абанк (ADB) 57-тәи есышықәсатәи аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Қарҭ иаҭааиз Иапониа афинансқәа рминистр Сузуки Шуничи диҧылеит.

Аиҿцәажәара алагамҭаз Иапониа афинансқәа рминистр Иракли Кобахиӡе ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ADB аусмҩаҧгатә амҩаҧгаразы.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-тәылак рыбжьара қәҿиарала аусеицуреи наҟ-наҟ апартниорра арҭбааразы иҟоу алшарақәеи.

Хшыҩзышьҭра рызун аекономикатә аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбааразы иҟоу аперспективақәа, урҭ рыбжьара - аинвестициақәа рыдаҧхьалареи, аекспорт ацхраареи, абинес маҷи абжьаратә бизнеси арҿиареи. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла-Иапониатә азеиҧш бизнесфорум амҩаҧгара алшарагьы иалацәажәан, ишазгәарҭаз ала, уи абизнесхаҭарнакцәа реимадарақәа рырҭбаара иацхраауеит.

Иара убас, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак рыбжьара аполитикатә диалог аҩаӡара ҳаракы. Сузуки Шуничи аиҳабыра рнапхгаҩы изышьақәирҕәҕәеит Иапониа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура