Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Азиатәи аҿиара абанк ахада диҧылеит Print Version

2024-05-04

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Азиатәи аҿиара абанк (ADB) ахада Масацугу Асакава диҧылеит, иара Қарҭ даҭааит ADB 57-тәи есышықәсатәи аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иракли Кобахиӡе Масацугу Асакава авизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, абанк есышықәсатәи аиҧылара Қырҭтәыла амҩаҧгара аҵакы далацәажәеит.

Иаҵшьны иазгәаҭан ADB атәыла астратегиатә хырхарҭақәа ирзоунажьҭуа афинанстә цхыраара аҵакы, арҭ ахырхарҭақәа иреиуп аинфраструктуреи, аенергетикеи, аҵареи аусхкқәа аҳәынҭқарратә, иара убас, хазхаҭалатәи асекторқәа рҿы. Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи ADB-и русеицура 2024-2028 шықәсқәа рзтәи астратегиа (CPS) Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аҿиара ацхраара иазкуп.

Хшыҩзышьҭра рызун атәылаҿ аекономикатә азҳареи ари аганахьала иҟоу атенденциа бзиақәеи.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аструктуратә реформақәеи астратегиатә ҵакы змоу апроектқәеи рымҩаҧгара нарыгӡоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла атранзиттә роль арҕәҕәара иазку, зымҽхак дуу апроектқәа ирылацәажәеит.

Иахьазы, Азиатәи аҿиара абанк (ADB) афинанстә цхыраарала Қырҭтәылаҿ 1.9 миллиард адоллар иаҧсоу 16 аинвестициатә проектқәа мҩаҧысуеит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура