Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа аинвестициатә банк авице-ахада Тереза Червинска дылҧылеит Print Version

2024-05-02

  .

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа аинвестициатә банк (EIB) авице-ахада Тереза Червинска дылҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа наҟ-наҟ аусеицура арҭбааразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит, иаҵшьны иазгәаҭан атәыла аҿиара апроцессаҿ EIB ацхыраара аҵакы, ҷыдала аинфраструктуратә проект дуқәеи атранспорттә сектори рхырхарҭала.

Аиҳабыра рнапхгаҩы EIB авице-ахада ҭабуп ҳәа леиҳәеит атәылаҿ астратегиатә ҵакы змоу апроектқәа рынагӡараҿы Аинвестициатә банк иҟанаҵаз ацхырааразы.

Европа аинвестициатә банк авице-ахада ишылҳәаз ала, Евроеидгыла афинанстә институт аҳасабала, EIB еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Қырҭтәыла ацхраара анагӡара иазыхиоуп.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аекономикатә азҳара арбага бзиа иазааҭгылан, ишырҳәаз ала, ари атенденциа инагӡоит.

Қырҭтәылаҿ аусура ианалага инаркны иахьанӡа, Европа аинвестициатә банк Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә сектор иаланаҵеит 1,6 миллиард евро аинвестициа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура