Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Иракли Кобахиӡе - Иахьатәи амш амҩатә инфраструктуразы аҭоурыхтә ҵакы амоуп, иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Қырҭтәылаҿ зегьы реиҳа зоура дуу, Қвешеҭии Кобии еимыздо 9 километртәи еиҧҟьарадатәи аҳапкылҵәа агәылҧҟаара
2024-04-23 Ишәыдысныҳәалоит, ҳара аҭоурыхтә ҵакы змоу ахҭыс иазгәаҳҭоит. Қвешеҭии Кобии еимыздо ауникалтә аҳапкылҵәа игәылҧҟаауп. Иахьатәи амш амҩатә инфраструктуразы аҭоурыхтә ҵакы амоуп, - иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Қырҭтәылаҿ зегьы реиҳа зоура дуу, 9 километртәи еиҧҟьарадатәи автомобилтә аҳапкылҵәа агәылҧҟаара, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қвешеҭии Кобии еимыздо автомобилтә аҳапкылҵәа агәылҧҟаара ахыркәшара инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз. Амҩа ҿыц абзоурала, аиҭаҵразы акырӡа иаҳа имаҷны - 45 минуҭла иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит. „Аҳапкылҵәа игәылҧҟаан ҷыдала ари апроект азыҳәан иаҧҵаз аиновациатә адгьылкылҵәага - TBM ала. Ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп - ашәарҭадара иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы инрываргыланы, ари апроект ала иазҧхьагәаҭоуп аҧсабаразы анырра армаҷра астандартгьы. Амҩа ҿыц абзоурала, аиҭаҵразы иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит. Иахьа Қвешеҭинтә Кобинӡа анеиразы 1 сааҭк аҭахуп, насгьы, адгьылҳәазара ашәарҭара амшала ари амҩа лассы-лассы иркуп, абри зегьы ацынхәрас, апроект ахыркәшара анеҩс, ари ацыҧҵәаха шәарҭада ахысразы 15 минуҭ мацара аҭаххоит, жәакала иаҳҳәоазар, амҩа ахысразы 45 минуҧла иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит," - иҳәеит аҧыза-министр. Аҧыза-министр иҳәамҭала, ари апроект аекономикатә хырҳагара инаваргыланы, асоциалтә алҵшәа бзиагьы ахылҵуеит. „Қвешеҭи-Коби апроект амҩатә инфраструктура аҿиара мацара акәӡам изызку. Ари апроект ҳтәыла арегионқәа рыбжьара, иара убас, ашьхатә қыҭақәеи археи рыбжьара аимадара еиҕьнатәуеит. Убри аҟынтә, ари апроект, аекономикатә хырҳагара инаваргыланы, асоциалтә алҵшәа бзиагьы ахылҵуеит.
Абри аҩыза апроектқәа рыла, ашьхара иқәынхо ауааҧсыра рынхарҭаҭыҧқәа рыхьчареи рқыҭақәа рырҕәҕәареи азы алшара раҳҭоит, иара убас, абарҭ ақыҭақәа рсахьала, ҳкультуратә ҭынхара ҳахьчоит. Аиҳабыра рнапхгаҩы аҳапкылҵәа апроект аиқәыршәареи аргылареи иалахәыз ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Қвешеҭии Кобии еимыздо амҩа аргылара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақыҭақәа Қвешеҭии Кобии еимыздо 9 километр аура змоу аҳапкылҵәа агәылҧҟаара хыркәшоуп. Ки Қырҭтәылаҿ зегьы реиҳа зоура дуу аҳапкылҵәахоит, ахатә параметрқәа рыла адунеиаҿ ауникалтә аҳапкылҵәақәа ируакхоит. Аамҭакала, аевакуациатә аҳапкылҵәа аргылара нарыгӡоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны идыргылоит арлашаратә системала еибыҭоу, 2 цәаҳәак зауа, 23 километртәи акәатран-бетонтә мҩа. Апроектла иазҧхьагәаҭоуп 5 ацҳаки 5 аҳапкылҵәаки рыргылареи, иара убас, ацҳак аиҭашьақәыргылареи. Иара убас, апроектла иазҧхьагәаҭоуп Гудауринӡа ицо 5 километртәи амҩеи атуристтә центри рыргалара. Қвешеҭии Кобии еимыздо амҩа аргылара апроект мҩаҧысуеит Азиатәи Аҿиара Абанк (ADB) афинанстә цхыраарала, аҳапкылҵәа аргылараҿы - Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи рзы Европатәи Абанк (EBRD) аицфинансыркра ала. Апроект 1.2 миллиард лари иаҧсоуп. Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, Автомобилтә мҩақәа рзы адепартаменти жәларбжьаратәи афинанстә институтқәеи рхаҭарнакцәеи.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура
|