-
19 Ҧхынҷкәын 2020
Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара аиқәыршәара амзызла еиҿкаау акомиссиа ҷыда алахәылацәа дырҧылеитҚырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы, аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара аиқәыршәара амзызла еиҿкаау акомиссиа ҷыда алахәылацәа дырҧылеит.
-
17 Ҧхынҷкәын 2020
Гьаргь Гахариеи Ровнаг Абдулаеви реиҧылара ашьҭахь аганқәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ала, Қырҭтәыла аимпорттә социалтә газ ахә аоптимизациа азыруеитҚырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Азербаиџьан аҳәынҭқарратә анефҭеилахәыра „Сокар" ахада Ровнаг Абдулаев диҧылеит.
-
17 Ҧхынҷкәын 2020
Аҧыза-министр аиҳабыра реилатәараҿы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит«Абҵара 28 рзы аҧкрақәа шьақәҳаргылеижьҭеи 20 мшы ҵит. Иахьа иаартны иаҳҳәар ҳалшоит, атестирра апроцесс шҳарҭбаазгьы авирус ҿызкаауа ауаа рхыҧхьаӡа иҭышәынтәалоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
-
16 Ҧхынҷкәын 2020
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы аҧкратә уснагӡатәқәа ирымоу анырра иалацәажәеитАиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа ҩымзтәи аплан раҧхьатәи алҵшәақәа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы ирымоу анырреи, аинтенсивтә тестирра апрограммаа анагӡареи, уажәазы иҟоу алҵшәақәа рыхьчара апроцесс аҿы аиҭаҵра аизырҳара аҽацәыхьчара аҵаки иалацәажәеит Аҧыза-министр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.
-
15 Ҧхынҷкәын 2020
Аҧыза-министр Covid-19 ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа дырҧылан, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәыларазы ишьақәыргылаз аҧкрақәа рылҵшәақәеи, агоспитальтә сектор аҿы аҭагылазаашьеи, амедицинатә аибыҭара амобилизациазы имҩаҧгоу ауснагӡатҚырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Covid-19 ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа рҟны аинтенсивла аиҧылара мҩаҧигоит.
-
14 Ҧхынҷкәын 2020
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аҧкратә уснагӡатәқәа раҧхьатәи рылҵшәақәеи ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡашьеи иалацәажәеитАиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа ҩымзтәи аплан анагӡара алагара инаркны иахьанӡа аепидемиологиатә ганахьала иҟоу алҵшәақәеи, аинтенсивтә тестирра апрограмма амҩаҧгашьеи, авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵаратә процесси ирылацәажәеит Аҧыза- министр Гьаргь Гахариа инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.
-
11 Ҧхынҷкәын 2020
Аҧыза-министр ауриа жәлар Ханука аныҳәамш рыдиныҳәалоитАуриа жәлар, ҳҩызцәа ауриацәа Ханука аныҳәамш рыдысныҳәалоит.
-
10 Ҧхынҷкәын 2020
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы аинтенсивтә тестирра апрограмма алҵшәақәеи, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы иҟоу аресурсқәеи, ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡашьеи иалацәажәеитАиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аинтенсивтә тестирра апрограмма алҵшәақәеи, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы аҭагылазаашьеи, аҧкрақәа рынагӡашьеи иалацәажәеит Аҧыза-министр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.
-
10 Ҧхынҷкәын 2020
Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа агәабзиарахьчара аекспертцәа дырҧылан, аиҳабыра еиқәдыршәаз ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәеи аинтенсивтә тестирра апрограмма қәҿиарала амҩаҧгареи, акоронавирус ахылаҧшра аганахьала адунеи аҿы иҟоу атенденциақәеи дрылацәажәеитҚырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, аиҳабыра еиқәдыршәаз ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәеи аинтенсивтә тестирра апрограмма қәҿиарала амҩаҧгареи, акоронавирус ахылаҧшра аганахьала адунеи аҿы иҟоу атенденциақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи агәабзиарахьчара усхкы аекспертцәеи реиҧылараҿы.
-
09 Ҧхынҷкәын 2020
Аҧыза-министр Америка аус зуа, аха, акоронавирус ахылаҧшраҿы атәыла ацхрааразы Қырҭтәылаҟа ихынҳәыз ақырҭуа ҳақьым Давиҭ Мрелашвили диацәажәеитҚырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа, авидеоконференциа аформат аҿы, Америка аус зуа ақырҭуа ҳақьым Давиҭ Мрелашвили диацажеит. Зыӡбахәы ҳәоу аҳақьым акоронавирус ахылаҧшраҿы атәыла дацхраарц азыҳәан Қырҭтәылаҟа дхынҳәны, Кахеҭи арегион аҿы аҩны зҽызыхәшәтәуа апациентцәа рхылаҧшра далахәып.