-
31 Лaҵaрa 2021
„Ассоциациатә трио“ атәылақәа рҧыза-министрцәа Евроеидгыла ахада ашәҟәы лзырҩитЛаҵара 31 рзы, Қырҭтәылеи Молдовеи Украинеи рҧыза-министрцәа Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен ашәҟәы лзырҩын, Евроеидгыла иаҳәеит Мрагыларатә партниорра атәылақәа акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинала реиқәыршәара иацхраарц.
-
17 Лaҵaрa 2021
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, ҵхыбжьон асааҭ 21:00 инаркны аиҭаҵразы ишьақәыргылаз аҧкра амч амазаауеит асааҭ 23:00 инаркны, акрыфаратә обиектқәа аҧсшьарамшқәа раан иаарту ақәыҧшылараҿы асасцәа рыдкылара азин роуитҴхыбжьон аиҭаҵразы аҧкра амч амазаауеит асааҭ 23:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа, иара убас, акрыфаратә обиектқәа аҧсшьарамшқәа рзы иаарту ақәыҧшылараҿы асасцәа рыдыркылар рылшоит, - абарҭ аӡбарақәа рыдыркылеит Аҧыза-министр инапхгарала аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.
-
14 Лaҵaрa 2021
Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, раҧхьатәи ареспублика арбџьармчқәа рҧыза, аинрал Гьаргь Квинитаӡе Қырҭтәыла анышә дамардоитҚырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, аемиграциаҿы зыҧсҭазаара иалҵыз Қырҭтәыла раҧхьатәи ареспублика арбџьармчқәа рҧыза, Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа аинрал Гьаргь Квинитаӡе Қырҭтәыла анышә дамардоит.
-
28 Мшaҧы 2021
Қырҭтәыла Акомуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧ аанкылара амзызла ирылаҳәаз аконкурс алахәылацәа ирызку аинформациаҚырҭтәыла Акомуникациақәа рзы амилаҭтә комиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧ аанкылара амзызла ирылаҳәаз иаарту аконкурс аҽалархәразы, аконкурстә аҿҳәара аҳаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгара арзаҳалқәа аларҵеит: Нино Қубиниӡе, Ирина Верӡеули, Иване Махараӡе, Мариам Сулабериӡе.
-
08 Мшaҧы 2021
Аиҳабыра рыӡбара ала, ажәлар рыгәҭа аларҵәара змоу асоциалтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара амзызла аҵакыра рыҭара иқәиҭымупАжәлар рыгәҭа ишьақәыргылолу асоциалтә уснагӡатәқәеи (иаҳҳәап, ачара, аиубилеи, аҧсхәара, уҳәа убас егьырҭгьы) амассатә гәырҿыхаратә уснагӡатәқәеи рымҩаҧгара амзызла аҵакыра рыҭара/рзоушьҭра иқәиҭымуп, - иашьашәалоу аҧсахрақәа алагалоуп „Аҽыҧхьакреи акарантини иазку ашьақәыргыламҭа иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара ашҟа.
-
29 Хәaжәкырa 2021
Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы акомиссиаҿы иҭацәны иҟоу ҭыҧк аанкыларазы иаарту аконкурс рыларҳәеит„Адырраҭара иазку" Қырҭтәыла азакәан 9-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, 2021 шықәса хәажәкыра 29 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара №490 иашьашәаланы, 2021 шықәса хәажәкыра 29 инаркны, Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы акомиссиаҿы иҭацәны иҟоу ҭыҧк аанкыларазы иаарту аконкурс рылаҳәоуп.
-
19 Хәaжәкырa 2021
Қырҭтәыла акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы министрс дҟарҵеит Ҭеа ҴулукианиИахьа Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапы зҵаиҩыз адҵа инақәыршәаны, Ҭеа Ҵулукиани ари аҭыҧ аҿы аусура далагоит хәажәкыра 22 рзы.
-
21 Ажьырныҳәa 2021
Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы акомиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧқәа раанкылара амзызла имҩаҧысуа аконкурс алахәылацәа ирызку аинформациаҚырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы акомиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧқәа раанкылара амзызла имҩаҧысуа иаарту аконкурс алахәызааразы, 2020 шықәса ҧхынҷкәын 8 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара №2367 инақәыршәаны, иашьашәалоу аҿҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, арзаҳалқәа аларҵеит: Нино Қубиниӡе, Акаки Гигинеишвили, Иване Махараӡе, Екатерина Имедаӡе, Ҭамар Ҷелиӡе, Вахтанг Шеварднаӡе, Ирина Верӡеули, Константин Қаҭамаӡе, Мариам Лордқьиҧаниӡе. 2020 шықәса ҧхынҷкәын 8 рзы ирыдыркылаз ақәҵара №2368 инақәыршәаны ирылаҳәаз аконкурс алахәызааразы арзаҳалқәа аларҵеит - Нино Қубиниӡе, Акаки Гигинеишвили, Иракли Буҭбаиа, Наҭиа Кукулаӡе, Олиа Вот, Ҭамар Ҷелиӡе, Вахтанг Шеварднаӡе, Ирине Верӡеули, Константин Қаҭамаӡе, Мириан Ҕоҕабериӡе.
-
01 Ҧхынҷкәын 2020
Авице-аҧыза Маиа Цқьитишвили лнапхгарала, аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи ирџьбароу аҧкрақәеи ирыдҳәаланы, жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа рхаҭарнакцәеи адонорцәеи рҟны аиҧылара мҩаҧыситҚырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи абҵара 28 инаркны амч зауз ирџьбароу аҧкрақәеи, атәылауааи абизнеси рыцхраара иазку асоциалтә пакети, авакцинациа апроцесс азы аҽазыҟаҵареи иалацәажәеит авице-аҧыза Маиа Цқьитишвили лнапхгарала онлаин аформатла жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа рхаҭарнакцәеи адонорцәеи рҟны имҩаҧгаз аиҧылараҿы.
-
30 Абҵaрa 2020
Аҧыза-министр акоронавирус ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы, агоспитальтә сектор аҿиара амзызла асасааирҭақәа иаҳа еиҕьны рхархәара аҵаки иацҵаны аресурсқәа рыҧшаареи иазкны драцәажәеитҚырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа акоронавирус ахылаҧшра иалахәы аклиникақәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы, агоспитальтә сектор аҿиара амзызла асасааирҭақәа иаҳа еиҕьны рхархәара аҵаки иацҵаны аресурсқәа рыҧшаареи иазкны драцәажәеит.