Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2025 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, хабарда иӡыз ауаа рҭаацәарақәа дрыдашшылеит Print Version

2025-03-13

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Самеба акафедралтә ныхабааҿы, импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзтәи аибашьраан хабарда иӡыз ауаа ртәылауаҩратә панихидаҿ дыҟан.

Аиҳабыра рнапхгаҩи, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәеи иҭахаз ауаа руацәа ирыдашшылеит.

Зыхьӡқәа еилкаау фҩык ауааҧсыра рҟынтә хәҩык арратә маҵзуҩцәан, аӡәы аҭынчуаҩ иакәын. Арҭ ауаа рыҧсыбаҩқәа ииагоуп Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати Аџьар ҟаҧшь жәларбжьаратәи акомитети русеицура абзоурала.

Ҩыџьа аруаа Диҕоми, Аешьаратә нышәынҭраҿ анышә иамардоит, егьырҭ, руацәа рыӡбарала, аҭаацәаратә нышәынҭрақәа рҿы арратә ҳаҭырла анышә иарҭоит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура

 

Expand