2025-03-12
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе инапхгарала имҩаҧган иреиҳаӡоу аҵара ареформа аиҳабыратә комиссиа аилатәара.
Аиҧылараҿы иреиҳаӡоу аҵара асистемаҿы аинфраструктуреи, иара убас, аҵара ахаҭабзиареи аганахьала иҟоу апроблемақәа ирылацәажәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит аҵара асистема шьаҭанкыла аҧсахра аҵакы. Хара имгакәа, акомиссиа алахәылацәа, иреиҳаӡоу аҵара ареформа шьаҭас иаиуа аконцепциа аус адырулоит. Аҧыза-министр иҳәамҭала, 2028 шықәса анҵәамҭанӡа, ауниверситетқәа рҿы аинфраструктура аиҕьтәреи, иара убас, аҵареи аҭҵаарақәеи рхаҭабзиара аиҕьтәреи алшара иҟоуп.
Акомиссиа аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, анеҩстәи ҧшьышықәса рыла асистема ҿыц ашьақәыргылареи ақырҭуа студентцәа Қырҭтәылаҿ европатәи ахаҭабзиара змоу иреиҳаӡоу аҵара аиура алшара рыҭареи азыҳәан аресурсқәа зегьы рхы иадырхәароуп.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура