2025-03-11
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Азербаиџьан Мили Меџьлис ахантәаҩы Саҳиба Гафарова дылҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани рстратегиатә партниорреи, атәылақәа еицынарыгӡо арегионалтә проектқәеи, аекономикатә усеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи ирылацәажәеит.
Аилатәараҿы иаҵшьны иазгәаҭан сынтәа ажьырныҳәазы Иракли Кобахиӡеи Азербаиџьан аҧыза-министри рнапхгарала имҩаҧгаз Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аиҳабырабжьаратә економикатә усеицура акомиссиа 10-тәи аилатәара иахылҵыз алҵшәа бзиақәа. Иара убас, хшыҩзышьҭра азун аусеицура арҭбааразы ҩ-ганктәи авизитқәа рҵакы.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Абжьаратә корридор қәҿиарала аусура ацхраара азҵаарагьы иазааҭгылеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан Аахыҵ Кавказ арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, наҟ-наҟгьы арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ацхраара иазыхиоуп.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура