2025-03-06
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Туркменистан иофициалтә визит иалагеит.
Ашхабадтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы Қырҭтәыла аҧыза-министр иҧылара ацеремониа мҩаҧган. Аиҳабыра рнапхгаҩы диҧылеит Туркменистан аиҳабыра рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Нокергули Атагулиев.
Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Иракли Кобахиӡе дидикылоит Туркменистан ахада Сердар Бердимуҳамедов. Қырҭтәыла актәи авице-аҧызеи Туркменистан аминистрцәа ркабинет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩи рнапхгарала, Қырҭтәылеи Туркменистани реиҳабырақәа рылахәылацәа ирҭбаау аформатаҿ аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит, убри анеҩс, аусхкытә усбарҭақәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура иазку аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит.
Туркменистан аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, аспорт азы аминистр Шьалуа Гоголаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура