2024-12-29
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе атәыла ахада иинаугурациа ихы алаирхәит, ацеремониа мҩаҧган апарламент аханаҿ. Қырҭтәыла ҿыц иалху ахада Михаил Ҟавелашвили атәыла ахада иҭоуба иуит.
Иракли Кобахиӡе Михаил Ҟавелашвили атәыла ахада иҭыҧ аанкылара идныҳәаланы, ишиҳәаз ала, иара дпатриотуп, намысла атәыла амаҵ иуеит.
„Михаил Ҟавелашвили атәыла ахада иҭыҧ аанкылара идысныҳәалар сҭахуп. Иара дпатриотҵәҟьоуп, анеҩстәи хәышықәса ирылагӡаны ари аҭыҧаҿ ҳаҭырла атәыла амаҵ аура изеиҕьасшьоит. Агәра ганы сыҟоуп иара абри аҳасабтә қәҿиарала ишынаигӡо. Акрызҵазкәа аҳасабтәқәа ҳамоуп. 20 шықәса ирылагӡаны Қырҭтәылаҿ апатриот президент дыҟамызт, абарҭ 20 шықәса рнеҩс Михаил Ҟавелашвили атрадициа ҿыц ашьаҭакра иқәшәоит, ари аус аҭакҧхықәра ду ацуп, сара агәра ганы сыҟоуп Михаил Ҟавелашвили ари аҭакҧхықәра қәнагарала дшақәныҟәо", - иҳәеит аҧыза-министр.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура