2024-12-26
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа Аӡытә спортхкқәа рзы афедерациа ахада Антонио да Сильва диҧылеит.
Аиҧылараҿы ишеилкаахаз ала, 2025 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаҧысуеит Аӡытә спортхкқәа рзы афедерациа аконгресс, уи рхы аладырхәоит адунеи 52 ҳәынҭқаррақәа рмилаҭтә федерациақәа рхадацәеи рделегациақәеи.
Аганқәа рхаҭарнакцәа 2028 шықәсазы Қырҭтәылаҿ аӡымпыл азы Европа ачемпионат амҩаҧгара алшара иалацәажәеит. Аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, ари ахырхарҭала аусеицура иазыхиоуп. Иаҵшьны иазгәаҭан ачемпионатаз иаҭаху аинфраструктура аҧҵара ахымҧадара. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, 2028 шықәсанӡа Қырҭтәылаҿ идыргылоит адунеии Европеи рыҩаӡараҟны аицлабрақәа рымҩаҧгара ахьыҟало, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу аӡытә спортхкқәа ркомплекс.
Антонио да Сильва ари аиҧылареи аӡытә спортхкқәа рыдгылареи азыҳәан аиҳабыра рнапхгаҩы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура