2024-12-27
Ихьыҧшым Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ 2024 шықәса ақырҭуа ашьапылампыл азы зегьы реиҳа ақәҿиара аман, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ашьапылампыл азы афедерациа ашықәс аихшьаалатә уснагӡатә аҿы данықәгылоз. Аиаҳабыра рнапхгаҩы ари ақәҿиара аиураҿы алагала ҟазҵаз ауаа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы абарҭ ақәҿиарақәа зыбзоуроу ауаа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
„Аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, 30 шықәса рышьҭахь, Европа ачемпионат ҳалахәын. 1994 шықәсазы раҧхьатәи алхратә матч мҩаҧган, уи инаркны 30 шықәса анҵы, Европа ачемпионат аҽалархәра алшара ҳауит. Ашьапылампылаҩсы цыҧхьаӡа, ҳаҷкәынцәа зегьы, Вилли Саниоль, Ашьапылампыл азы афедерациа, рызынтәгьы ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәоит, избанзар, дара ирбаз аџьабаа ду ауп ари ақәҿиара зыбзоуроу. Амш цыҧхьаӡа ацәанырра дуқәа ацын. Германтәыла имҩаҧысуаз ахәмаррақәа рҿы сыҟан. Ҳаҷкәынцәа ҳамҭас иҳарҭаз абарҭ амшқәа, арҭ аминуҭқәа хашҭра рықәым", - иҳәеит аҧыза-министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аҿартә аизга ақәҿиарақәагьы хазы иазгәеиҭеит, ари аизгагьы, раҧхьаӡа акәны, аквалификациатә етап иахысны, Европа ачемпионат аҽалархәра алшара роуит.
„Аҷкәынцәеи разыҟаҵаҩ ҷыда Рамаз Сванаӡеи ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәоит. Аҳәсатә шьапылампылгьы иаҳа-иаҳа ҧхьаҟа ицоит, раҧхьаӡа акәны аквалификациатә етап плеиоффахь ииасит. Агәра ганы сыҟоуп наҟ-наҟгьы ақәҿиара дуқәа шроуа. Азыҟаҵаҩцәеи ашьапылампыл иасуа аҧҳәызбацәеи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Аиашаз, 2024 шықәса иалкааз, ақәҿиара дуқәа ҳзаазгаз аҭоурыхтә шықәсан, аха, ҳара, ақырҭуаа, ҳмаксималистцәоуп, иаҳа ирацәаны ақәҿиарақәа ҳҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп наҟ-наҟ иаҳа ирацәаны ақәҿиарақәеи иаҳа ирацәаны аиааирақәеи шыҟало", - иҳәеит аҧыза-министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Ашьапылампыл аы афедерациа ахада Леван Кобиашвилии, афедерациа анапхгареи, аусзуҩцәеи, азыҟаҵаҩцәеи ҷыдала ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, дара Ашьапылампыл азы афедерациа ианахагыла, ақырҭуа ашьапылампыл аҭагылазаашьа цәгьан.
"Ҳара иахәҭоу ақәҿиара ҳамамызт, иахьа, 10 шықәса раҟара анҵы, ақырҭуа ашьапылампыл аҿиара аҩаӡара акырӡа иаҳа иҳаракуп. Ашьапылампыл афедерациа анапхгара азыруеит ақырҭуа шьапылампыл бзиа избо, еилызкаауа ауааҧсыра, уи ауп абарҭ ақәҿиарақәа зыбзоуроу. Ашьапылампыл абас бзиа абареи арҭ ауаа ркомпетенциеи акәымзҭгьы, абри аҩыза ақәҿиара зыҟаломызт. Аиҳабыра рыхьӡала ишәасҳәар сҭахуп ҳара наҟ-наҟгьы ақырҭуа шьапылампыл ақәҿиара амазарц азыҳәан иҳалшо зегьы шыҟаҳҵо. Аспорт аҿиара хшыҩзышьҭра ҷыда азуп. Аспорт аминистрра хазы иҟалоит, уигьы ҳара ари азҵаара хшыҩзышьҭра ду шаҳҭо аанарҧшуеит. Иахьазы ашьапылампыл Қырҭәтылаҿ зегыь реиҳа аларҵәара змоу аспорт хкуп, ашьапылампыл ҳусураҿы аҧыжәара ҷыда амазаауеит", - иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Аҧыза-министр амассатә спорт аҿиара аганахьала Қырҭтәыла аиҳабыра ирымоу апланқәа дрылацәажәан, ишиҳәаз ала, аспорт аҿиара хшыҩзышьҭра ду азыруеит.
"Аконкреттә проектқәагьы ҳамоуп, иаҳҳәап, астадион ҿыц, уи абзоурала, ахәмаррақәа зегьы, атурнирқәа зегьы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны рымҩаҧгара ҳалшоит. Абри аҩыза апроектқәа ҳтәылаҿы аспорт аҿиара иацхраауеит. Раҧхьа иргыланы, ашьапылампыласҩцәа иаҳзааргаз агәырҕьаразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, азыҟаҵаҩцәа, Ашьапылампыл азы афедерациа, ақырҭуа шьапылампыл ақәҿиареи аҿиареи захьӡу аус знапы алаку ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп 2025 шықәсагыь ақәҿиара дуқәа шаҳзаанаго. Шәызынтәгьы 2025 шықәсазы ақәҿиара дуқәеи аиааирақәа рацәеи шәзеиҕьасшьоит", - иҳәеит аҧыза-министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аноминантцәеи аиааирагаҩцәеи рықәҿиарақәа рыдиныҳәалеит.
Қырҭтәыла Ашьапылампыл азы афедерациа ашықәс аихшьаалатә усмҩаҧгатә GFF Awards 2024 аҿы 2024 шықәсазы иреиҕьу ашьапылампыласҩыс даарҧшын Гьаргь Мамардашвили.
GFF Awards 2024 аҿы абарҭ аноминациақәа рҿы иреиҕьу ашьапылампыласҩцәа аарҧшын: 2024 шықәсазы иреиҕьу ашьапылампыласҩы-ҧҳәыс; 2024 шықәсазы аӡытә футзал иреиҕьу ахәмарҩы; 2024 шықәсазы иреиҕьу ашьапылампыласҩы қәыҧш; 2024 шықәсазы иреиҕьу аӡбаҩ; Алеқсандр Чиваӡе ихьӡ зху амедальқәа 2024 шықәсазы иреиҕьу 17 шықәсанӡеи 19 шықәсанӡеи зхыҵуа ахәмарҩцәа рзы.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура