2024-12-25
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, аиҳабыра алахәылацәеи ауриа жәлар Ханука амшныҳәа рыдырныҳәалеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Қарҭтәи синагогаҿ данықәгылоз ишиҳәаз ала, Ханука - алашареи абзиареи риааира ианыҳәоуп.
Аҧыза-министр иахьа Израиль иҟоу апроблемақәа дрылацәажәан, аҩызаратә ауриа жәлари аҳәынҭқарреи адгылара рзааирҧшит.
«Ҳара ҳазынтәгьы иаҳа алашареи иаҳа абзиареи ҳҭахуп, иахьатәи агәырҕьаратә амш азы абри зегьы шәзеиҕьасшьар сҭахуп. Иахьа ауриа жәлар иуадаҩу аамҭа иҭагылоуп, аха, ауриа жәлар еснагь адоуҳатә аҕәҕәрала иалкаан. Агәра ганы сыҟоуп арҭ ауадаҩрақәа аамҭалатәи аҟазшьа шрымоу, ауриа жәлари Израиль аҳәынҭқарреи хымҧада арҭ ауадаҩрақәа ирхысуеит. Ҳара Израиль аҳәынҭқарреи ауриа жәлари ҳрыдгылоит, ҳара асубиективтә азныҟәашьа ҳамоуп. Израиль аҳәынҭқарреи ауриа жәлари ҳанрылацәажәо, ҳҳәынҭқарреи ақырҭуа жәлари еснагь Израили ауриа жәлари ирыдгылоит, избанзар, ҳажәларқәа ашәышықәсарацәатә, 26 ашәышықәсатә аиҩызарала еидҳәалоуп. Абри аҭоурыхтә аиҩызара аҭакҧхықәра ҷыда ҳаднаҵоит наҟ-наҟ ҳаиҩызара иаҳа арҕәҕәаразы. Даҽазнык Ханука шәыдысныҳәалар сҭахуп, 2025 шықәсазы бзиарас иҟоу зегьы шәзеиҕьасшьоит», - иҳәеит аҧыза-министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩи Қарҭтәи синагога араввин хадеи Ханука раҧхьатәи ацәашы иадыркит.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура