Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2023 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ ихаҭыҧуаҩ диҧылеит

2023-12-05

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ ихаҭыҧуаҩ - Џьошуа Ҳак диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорра аусхәаҧштәи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи арҕәҕәареи азыҳәан иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвилии Џьошуа Ҳаки евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла апрогресс иазааҭгылеит. Џьошуа Ҳак аиҳабыра рнапхгаҩы идиныҳәалеит Еврокомиссиа ала абжьагара бзиа аҟаҵара. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәыла Евроеидгыла алалара амзызла акандидат астатус аиура иазыҧшуп. Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла алалара - атәыла аиҳабыра рдәныҟатәи политикаҿы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп.

Аиҧылараҿы арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Иракли Ҕарибашвилии Џьошуа Ҳаки ари азҵааразы ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵареи аглобалтә проблемақәа рыӡбаразы иаку аҽазышәареи аҵакы.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ашәарҭадаратәи агуманитартәи ҭагылазаашьа.

Иракли Ҕарибашвили Џьошуа Ҳак ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, евроинтеграциеи азҵаарақәа рҿы Американтә атәыла иамоу адгылара ҕәҕәа азыҳәан.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данигани, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура