Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2023 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Болгариатәи ареспублика аҧыза-министр Николаи Денкович диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Болгариатәи ареспублика аҧыза-министр Николаи Денкович диҧылеит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Болгариеи реизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр болгариатәи иколлега изеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ имҩаҧгаз аусура дуи 12 абжьагарақәа рынагӡара адинамикеи иазкны. Иара ишиҳәаз ала, Евроеидгылахь аинтеграциа ақырҭуа жәлар рыӡбароуп, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу хықәкуп.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Болгариа иазныҟәоит аиҩызаратә тәылеи игәрагоу апартниори аҳасабала.

Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ахәаахәҭреи аекономикеи акыршықәса рыҩныҵҟа ҩ-ганктәи аусеицураҿы зегьы реиҳа зҵакы дуу аусхкқәа иреиуп, избанзар, Болгариа, еснагь, Қырҭтәыла ахадаратә ахәаахәҭратә жәа-партниортә тәылак иреиуп.

Қырҭтәыла аҧыза-министр болгариатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, атәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгыларазы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура