Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2023 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Норвегиа аҳра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дылҧылеит Print Version

2023-11-29

 .. 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Норвегиа аҳра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц - Берглиот Ҳовланд дылҧылеит.

Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылара мҩаҧган аиҳабыра радминистрациаҿы. Аиҳабыра рнапхгаҩы адипломат амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара лыдныҳәаланы, наҟ-наҟтәи лусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Норвегиеи реизыҟазаашьақәеи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ашьҭыхра дацхраап ҳәа дгәыҕуеит.

Аҧыза-министр Норвегиа ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа леиҳәеит Норвегиа аҳра ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи азхаҵармра аполитика ақәныҟәареи азыҳәан.

Ишазгәаҭаз ала, жәларбжьаратәи адонор ду аҳасабала, Норвегиа акыршықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла иадгылоит, Қырҭтәыла уи иҳаракны ахә ршьоит.

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Норвегиа аҳреи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҭбаара адинамика, ҷыдала - аполитикеи, атәылахьчареи, ашәарҭадареи, аҵареи, акультуреи аусхкқәа рҿы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура