Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa нанҳәа 14 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2023-08-14

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 22 зҵаара ирыхәаҧшит.

Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәеит Аекономика аминистрра ала ирмазеиз Атранспорти алогистикеи иазку 2023-2030 шықәсқәа рзтәи амилаҭтә стратегиеи 2023-2024 шықәсқәа рзтәи ауснагӡатәқәа рплани.

Астратегиаҿ иарбоуп арегионалтә атранспорттәи алогистикатәи центр аҳасабала Қырҭтәыла ашьақәыгылара иацхрааша ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи.

Адокументаҿ хшыҩзышьҭра ҷыда азун алогистикатә сектор арҕәҕәареи алогистикатә маҵзура аиҕьтәреи, иара убас, - автомобилтәи, аихамҩатәи, амшынтәи транспорти, атәылауаҩратә авиациеи аусхкқәа қәҿиарала рхархәара аиқәыршәареи, жәларбжьаратәи атранспорттә маршрутқәа рконкуренциалшара аизырҳареи. Убри адагьы, астратегиа хықәкыс иамоуп атранспорти алогистикеи аусхкы аҿы аџьаус аџьармыкьа аҳәарақәеи аҭахрақәеи ирышьашәалоу ауаатәыҩсаратә капитал аҿиара.

Аидарамҩангара аҿиара инаваргыланы, аҧыжәара амоуп апассаџьырцәа рымҩангара аҿиара азҵаарагьы. Адокумент ахәаҧшраан ишазгәаҭаз ала, атранспорттә аҳа аиҕьтәреи, атранспорттә маҵзуреи ашәарҭадареи аҩаӡара аизырҳареи аҵакы ду амоуп амобилра аҭахрақәа рынагӡареи Қырҭтәыла атуристтә потенциал арҕәҕәареи азыҳәан.

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра ари астратегиа армазеит Адунеи абанк ацхыраарала, иашьашәалоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны аусеицура ала. Иара убас, азеиҧш консультациақәа иакымкәа араундқәа мҩаҧган, урҭ раан ироуз абжьагарақәа реиҳаара адокумент аҵыхәтәантәи аверсиаҿы иазҧхьагәаҭоуп.

Аиҳабыра рықәҵарала, иара убас еиҿкаан Қырҭтәыла атранспорти алогистикеи аусхкы аҿиара аусбарҭабжьаратә комиссиа, уи астратегиеи ауснагӡатәқәа рплани ала иҳәаақәҵоу ауснагӡатәқәа рынагӡара иахылаҧшуеит, аамҭакала, - атранспорт аусхкы аҿы иҟоу апроблемақәа қәҿиарала рыӡбара иацхраауеит.

Ари азҵаара алацәажәараан ишазгәаҭаз ала, аглобализациеи Евроеидгылаҟны аекономикатә аимадарақәеи рыбзоурала, Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи ахәаахәҭрашҟа аинтеграциа наӡа азыҳәан ауникалтә алшара аиуеит. Избанзар, ари апроцессаҿ атранспорти алогистикеи асектор акрызҵазкәа ароль нанагӡароуп. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, ари аганахьала аҵакы ҷыда амоуп Евроеидгыла атранспорттә системашҟа аинтеграциа, уи ала иазҧхьагәаҭоуп европатәи астандартқәа раларҵәареи атранспорттә аимадарақәа реиҕьтәреи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура