Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa рашәара 5 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

Иҵабыргны арегионалтә центрс иҟалар зылшо, жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу ҳаамҭазтәи аҳаирбаҕәаза ҿыц аргылара азҵаара аус адааулоит. Ари ахықәкы анагӡаразы аидеалтә ҭыҧуп Вазиани ҧасатәи аеродром, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, уажәтәи аҳаирбаҕәаза ахатә аграқәа амоуп, реалра иуҳәозар, аҿиара ду азы алшара амам.

Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, арегионалтә авиациатә центрс ҳҟалар ҳҭахызар, уажәтәи аҳаирбаҕәазеи уи аҭыҧи уи еиҧш алшара ҳнаҭом.

Иахьа зҵаарақәак сырзааҭгылар сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, амш аусхәаҧштә азҵаара хада сазааҭгылоит. Ари аӡбара амбициатә ҟазшьа амоуп ҳәа сҳәар сылшоит, аха, иахьа ҳара арегионаҿ авиациатә центрс ҳҟаларатәы алшарақәа зегьы ҳамоуп, зегьы реиҳа ихадоу - аҧышәеи ахықәки ҳамоуп. Ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит атәыла уи еиҧш апотенциал шамоу, убри азоуп ари ахырхарҭала активла аусура ҳзалагаз, мышқәак ҵуеит аекономика аминистрра ари азҵааразы аус ауеижьҭеи. Иахьа уажәтәи аҳаирбаҕәаза иааркьаҿны салацәажәар сҭахуп, зыӡбахәы ҳәоу аҳаирбаҕәаза ҽеим, уи аҿы шәсықәшаҳаҭхар ҟалап, ари аҳаирбаҕәаза иахьа сызлацәажәар исҭаху ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи рынагӡара залшом. Ҳәарада, ҳара кыраамҭалатәи апроект анагӡароуп ҳазлацәажәо. Хәышықәса ма жәашықәса рыла уи ҳзыҟаҵом, убри аҟынтә, аӡбара ҿыц ишәсырдырыр сҭахуп. Ҳара 2 варианк аус рыдааулеит. Руакы уажәтәи аҳаирбаҕәаза арҿиареи арҭбаареи иазкын, аха, уи атәы аспециалистцәа ишәзеиҭарҳәоит, ари аҳаирбаҕәаза ахатә аграқәа амоуп, аҿиара ду азы алшара ҳнаҭом. Насгьы, арегионаҿ авиациатә центрс ҳҟалар ҳҭахызар, аҳаирбаҕәаза аҭыҧи аҵакыри уи еиҧш алшара ҳнаҭом. Ҳара ари азҵаара иқәҳаргылеит аекономикатә хеилак аҿы, ишыҳаӡбаз ала, 20-30-50 шықәсатәи, мамзаргьы 100 шықәсатәи аперспективаҿ атәыла ҳаиҷаҳар ҳҭахызар, анеҩстәи абиҧарақәа иахәҭоу аинфраструктура змоу аҳаирбаҕәаза рзаанҳажьыр ҳҭахызар, алокациа ҿыц алхтәуп. Қарҭ абри аҩыза аҭыҧ иҟоуп, аеродром Вазиани, уи зеиҧшҟамлац ала абри ахықәкы анагӡаразы иманшәалоуп. Сара сыдҵала, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы Аекономика аминситрра ари ахырхарҭала активла аус ауеит. Абри апроект аҭҵааразы иреиҕьу аекспертцәеи, аргылаҩцәеи, архитекторцәеи ргәыҧ еиҿаҳкаар ҳҭахуп. Зны ари аҭыҧ ибзиаӡаны иҭҵааны, нас аҵыхәтәантәи аӡбара ҳадаҳкылоит. Иҵабыргны арегионалтә центрс иҟалар зылшо, жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу ҳаамҭазтәи аҳаирбаҕәаза ҿыц аргылара азҵаара аус адааулоит. Ари ахықәкы анагӡаразы аидеалтә ҭыҧуп Вазиани ҧасатәи аеродром. Уи атранзит-логистикатә, ҳаамҭазтәи апассаџьырцәа ирзыманшәалахо, жәларбжьаратәи акласс иаҵанакуа аҳаирбаҕәазахароуп. Иара убас, атерминалқәа бзиақәа рыргыларагьы ҳалацәажәеит, ари азҵаара инарҭбааны ҳалацәажәараны ҳаҟоуп, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара амбициатә ҟазшьа амоуп, аха, хымҧада инагӡатәу проектуп ҳәа сгәы иаанагоит. Избанзар, иахьа иҳамоу аҳаирбаҕәаза иахьатәи аҭахрақәа нанагӡоит, аха, кыраамҭалатәи аперспектива ҳахәаҧшуазар, иаҳа иҿыцу, амбициатә проект наҳагӡароуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ишаабаз ала, атәылашҟа иаауа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара есышықәса иазҳауеит 25%-ла. Ҳәарада, уи даараӡа ибзиоуп. Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҟынтәи адунеи 58 ақалақьқәа рахь аҧыррақәа мҩаҧысуеит, ҳара адунеи 31 аҳәынҭқаррақәа рҟны еиҧҟьарадатәи аҳаиртә анеиааира ҳамоуп. Убри аҟынтә, ишшәасҳәаз еиҧш, абри апроект аҭҵаара ҳалагоит, адунеи иреиҕьу авиациа-аконсультациатә еилахәырақәа ааҳгоит, урҭгьы ари апроцесс иалахәызаауеит, ари апроект шьаҭанкыла иҭҵааны, аҵыхәтәантәи аӡбара ҳадаҳкылоит. Қарҭи ҳтәылеи иреиҕьу аҳаирбаҕәазақәа иреиуп аҳаирбаҕәаза амазароуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура