Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa хәажәкыра 20 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2023-03-20

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа 8 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун „Амедицинатә усуразы алицензиеи астационартә усбарҭазы азини аҭара аҧҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи рышьақәырҕәҕәара иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра 2010 шықәса ҧхынҷкәын 17 рзы ирыдыркылаз ақәҵара №385 аҧсахрақәа алагалара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект.

Аҧсахрақәа рышьаҭала, Агәабзиарахьчара аминистрра ала амедицинатә маҵзура аиҕьтәра амзызла, астационартә усбарҭақәа азин рыҭаразы ирҿыцу аҭагылазаашьақәа шьақәырҕәҕәоуп.

Аҧсахрақәа хықәкыс ирымоуп апациент ишәарҭадара аиқәыршәареи, амедицинатә астационартә усбарҭа азинтә режим аиҕьтәреи, амедицинатә маҵзура жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалазаарц аҟаҵареи. Азинтә ҭагылазаашьа ҿыцқәа инрықәыршәаны, астационартә медицинатә усбарҭа азин аиуам анхарҭатә хыбраҿ иҟоу аобиектқәа рзы; иара убас, аклиника „Ахирургиатә маҵзура" азинтә ацҵатә аиурц азыҳәан, уи Амедицинатәи афармацевтикатәи усура арегулиациатә агентра иадҵаалароуп, анеҩс, агентра ахаҭарнакцәа, аҭыҧашҟа инеины, ақәҵарала иҳәаақәҵоу аҭагылазаашьақәа зегьы иахьынӡанагӡо гәаҭаны, иашьашәалоу аӡбара рыдыркылоит. Ахирургиатә усура амҩаҧгара иалагахьоу аусбарҭақәа зегьы, 2023 шықәса цәыббра 1-нӡа хымҧада инарыгӡароуп Агәабзиарахьчара аминистрра ицәырнагаз азинтә ҭагылазаашьақәа зегьы. Иара убас, ахирургиатә усура иалахәы амедицинатә персонал хымҧада иалахәызароуп еиҧҟьарадатәи амедицинатә аҵара асистема.

Ахирургиатә сервис иазку азинтә ҭагылазаашьақәа ирҿыцуп жәларбжьаратәи ассоциациақәеи агәабзиарахьчара аусхкы азанааҭтә ассоциациақәеи рыбжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура