Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аҧыза-министр инапы зҵаиҩыз аиҳабыра рықәҵарала, 2023 шықәса ҧхынгәы 1-нӡа Қырҭтәылантә ачарыц аеқспорт иқәиҭымуп Print Version

2022-06-28

Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵарала, 2023 шықәса ҧхынгәы 1-нӡа Қырҭтәылантә ачарыц аеқспорт иқәиҭымуп. Аҧыза-министр иашьашәалоу адокумент инапы аҵаиҩхьеит.


Аиҳабыра рықәҵараҿы ишазгәаҭоу ала, ари аӡбара рыдыркылеит адунеи аҿы афатәаалыҵтә шәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәа рымшала.

„Урыстәыла-Украинатәи еибашьра амшала адунеи аҿы афатәаалыҵтә шәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәа иазҧхьагәаҭаны, 2023 шықәса ҧхынгәы 1-нӡа Қырҭтәылантә ачарыц аеқспорт иқәиҭымуп. Ақәҵара амч аиуеит анапаҵаҩра анеҩсҵәҟьа, уи амч амазаауеит 2022 шықәса ҧхынгәы 4 инаркны ишьақәгылоу аизыҟазаашьақәа рзы", - иануп аиҳабыра рықәҵараҿы.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура