Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Атәыла зехьынџьара, аукраин жәлар рыцхрааразы, 100 тонна еиҳаны агуманитартә аидара еизгоуп Print Version

2022-03-10

  ..

Аҧыза-министр иӡбарала, арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи аиҳабыра рҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартаменти рылахәызаарала, Қырҭтәыла зехьынџьара, аукраин жәлар рыцхрааразы, 100 тонна еиҳаны агуманитартә аидара еизгоуп.

Мрагыларатә Қырҭтәыла амуниципалитетқәа рҿы еизгоу агуманитартә аидара Қарҭ ишьҭарҵеит, Мраҭашәаратә Қырҭтәыла еизгоу аидара Ҧуҭтәи атерминал ашҟа инагоуп. Акоординациа апроцесс анапхгара азиуеит Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Мераб Гамҟрелиӡе, Ҧуҭ ари апроцесс дахылаҧшуеит Гыртәыла - Аҩадатәи Шәантәыла арегион аҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак Гьаргь Гугучиа.

Агуманитартә аидара иалоуп лассы иҧхасҭамхо афатәаалыҵи, раҧхьатәи ахархәара амаҭәарқәеи, амедицинатә маҭәарқәеи, ахәшәқәеи. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа инрываргыланы, аидара аизгара апроцесс активла иалахәын хазхаҭалатәии атәылауаҩратәии секторқәа.

Қырҭтәыла зехьынџьара еизгаз агуманитартә аидара уаҵәы Украинаҟа идәықәырҵоит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура