Қырҭтәылa aиҳaбырa
government.gov.ge

Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр инаскьагара

2021-12-21

Иракли Ҕарибашвили Шәамахьатәылатәи ареспублика аҧыза-министр Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕазаҿы днаксьеигеит.

Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр Никол Ҧашиниан Қырҭтәыла иусуратә визит хыркәшоуп.

Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы Никол Ҧашиниан днаскьеигеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр, аиҳабыратә делегациа дрыцны, Қырҭтәыла даҭааит ҧхынҷкәын 20 рзы.

Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рҧыза-министрцәа рхантәаҩрала, ҩ-тәылак реиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәара мҩаҧган, аилатәара иалагаанӡа, ҩ-тәылак рҧыза-министрцәа ишиашо аформат аҿы еиҧылеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура