Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Иракли Ҕарибашвили – Атәылахьчара аминистрс саныҟарҵа, аргама аасыцҳаит СУ-25 аҳаирпланқәа рырҿыцра апроект сшалагоз - иахьа лабҿаба иаабоит ҳамчқәа рыла амодернизациа зызу, еиҭашьақәыргылоу СУ-25 4 ҳаирпланк
2021-09-16 Атәылахьчара аминистрс саныҟарҵа, аргама аасыцҳаит СУ-25 аҳаирпланқәа рырҿыцра апроект сшалагоз - иахьа шәара лабҿаба ижәбоит ҳамчқәа рыла амодернизациа зызу, еиҭашьақәыргылоу СУ-25 4 ҳаирпланк, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили акционертә уаажәларра „Ҭбилавиамшени" аҿы даныҟаз, уаҟа аҧырратә аппаратқәа реибыҭаратә наплакы ҿыци арбаратә аҧырреи ибеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы дицын атәылахьчара аминистр. Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, абри апроцесс аменеџьменти анапхгараҭареи мҩаҧыргеит Атәылахьчаратә мчқәа авиациатә ҧызацәа. Ашықәс анҵәамҭанӡа еиҭашьақәыргылоу СУ-25 6 цырак ҳамазаауеит. Иара убас, шәара ижәбеит МИ-24 аиҭашьақәыргылара апроцесс активла ишымҩаҧысуа. Ҳара абри агежьҧрыга интенсивла аҟаҵара ҳалагеит. Убри адагьы, америкатә агежьҧрыгақәа ҧшьба Америкаҟа идәықәаҳҵахьеит, ҳавиациатә ҧызара ахаҭарнакцәа уааҵәҟьа иҟоуп, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцклаҧшуеит, хара имгакәа, мызқәак рышьҭахь, еиҭашьақәыргылоу америкатә агежьҧрыгақәа ҧшьба ҳзаарышьҭуеит, инеизакны авиациатә парк ирҿыцны еиҭашьақәҳаргылоит. Уи ҳфырхацәа, ҳаҧырҩцәа, ҳаруаа рзы агәызҭаҵага дууп, дара кыршықәса рыҩнуҵҟа аҧырратә аппаратқәа реиҭашьақәыргылара иазыҧшын. Ари апроект кыршықәса рыҩнуҵҟа имҩаҧысуамызт. Уи ахьҳалшаз даараӡа сеигәырҕьоит. Шәызынтәгьы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили. Уажәазы СУ-25 4 ҳаирпланк рырҽеиреи рмодернизациеи хыркәшоуп. Аамҭакала, МИ-24 аҳаирплан арҽеира иаҿуп, хара имгакәа аҧышәаратә аҧырра мҩаҧыргараны иҟоуп. Активла имҩаҧысуеит UH-1 аҳаирпланқәа реиҭашьақәыргылара апроцессгьы. AN-2 4 ҳаирпланк шьаҭанкыла рырҽеира апроцесс хыркәшоуп. Аҧырратә аппаратқәа еилаҧсоу авиациатә ескадрилиа абазашҟа ииагоуп, арҭ аҳаирпланқәа активла рхы иадырхәоит еиуеиҧшым адҵақәа рынагӡаразы. Зыӡбахәы ҳәоу апроект Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа равиациатә хәҭақәа рырҕәҕәареи рырҿиареи иазкуп. Аиҳабыра рнапхгаҩы Иракли Ҕарибашвили ицны анырҵәагақәа СУ-25 рҧышәаратә аҧырра рбеит атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, Атәылахьчаратә мчқәа рҧыза, аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии. Арбаратә аҧырра ашьҭахь, аиҳабыра рнапхгаҩы аҧырҩцәа дырҧылеит, нас, авиациатә аҧызара ахаҭарнакцәа хаҭала ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|