Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр Сурамии Хашурии аепископ Симеон диҭааит
2021-09-14 Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Сурамии Хашурии аепископ Симеон диҭааит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Николаи ацқьа ихьӡала зыргылара иаҿу аныхабаа ибан, аргыларатә усурақәа ирызку аинформациа дазыӡырҩит. Аб Симеон Иракли Ҕарибашвили дныҳәаны, иусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит. Аб Симеон аиҳабыра рнапхгаҩы изеиҭеиҳәеит зыргылара иаҿу аберҭыҧ-арккаратә комплекс "Бана ҿыц" иазкны, уи Тао-Кларџьеҭи иҟоу Бана аберҭыҧтә комплекс иеиҧшуп. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|