Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр Каспи, анаплакы „Метехтәи акерамика“ ибеит
2021-09-14 Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Каспи, анаплакы „Метехтәи акерамика" аҿы дыҟан. Анаплакы иазкны аҧыза-министр изеиҭеиҳәеит аилахәыра адиректор Давиҭ Какабаӡе. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирзоушьҭын 3 миллион лари. Аилахәыра иазоушьҭын абанктә кредит анаӡынатә хәҭа, инақәыршәаны, 403,000 лари. Зынӡа аилахәыраҿы аус руеит 150ҩык ауааҧсыра. Аенергохарџьқәа реиҵатәра амзызла, аилахәыраҿы амратә афымцастанциа аргылара ргәы иҭоуп. Аҧыза-министр ицны аилахәыра "Метехтәи акерамика" аҿы иҟан аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнавеи, , авице-аҧыза, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвилии. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|