Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр Мшаҧы ахьӡала Гори зыргылара иаҿу аныхабааи, Гории Атении Руисии Урбнисии рмитрополитцәеи дырҭааит
2021-09-14 Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Мшаҧы ахьӡала Гори зыргылара иаҿу аныхабааҿы дыҟан. Аныхабаа аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа иазкны аиҳабыра рнапхгаҩы изеиҭеиҳәеит Гории Атении амитрополит, аб Андриа. Аҧыза-министр амитрополит аныхабаа аргылараҿы ацхыраара дақәиргәыҕит. Мшаҧы ахьӡала Гори аныхабаа аргыларатә усурақәа мҩаҧысуеитжьҭеи шықәсқәак ҵуеит. Аныхабаа аихшьаалатә хәҭа - акуполи ашьаҟа хадеи рыргылара аҧара азоунашьҭит афонд "Қарҭу". Аусурақәа рыхәҭак мҩаҧган аҭыҧантәи амуниципалитет ацхыраареи аныхабааҿы еизгаз аҧареи ала. Мшаҧы ахьӡала Гори идыргыло аныхабаа Гори аепархиаҿы зегьы раасҭа идуу аныхабаақәа иреиуп. Аб Иоб иҭааиз аҧыза-министр ицын аҧсабра ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвилии, Шида Қарҭли арегион аҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак Валериан Мҷедлиӡеи. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|