Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Иракли Ҕарибашвили – Абастумани имҩаҧгоу апроектқәа арегион аҿы атуристцәа рхыҧхьаӡара аизырҳареи аҭыҧантәи ауааҧсыра аусурҭала реиқәыршәареи иацхраауеит
2021-09-12 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили Абастумани, ақалақь агәҭаны иҟоу, 19-тәи, 20-тәи ашәышықәсақәа рзы иргылаз, еиҭашьақәыргылоу аҩнқәа ибеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧган Адунеи абанк ари апроект иазоунашьҭыз 5.7 миллион лари рыла. Ҩнқәак рырҕәҕәаратә усурақәа мҩаҧган. Лассы иуҧымло архитектурала иргылоу, амҿытә абарҵақәа змоу аҩнқәа усҟантәи аамҭазы иҟазшьарбагоу арҧшӡагақәеи ахыбра кәакьақәеи рымоуп. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|