Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Италиа аминистрцәа рхеилак ахада Марио Драги Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит
2021-04-02 Италиа аминистрцәа рхеилак ахада Марио Драги Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит. Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иара ҩ-тәылак русеицура далацәажәан, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Италиа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. „Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, хаҭала сареи, Италиа аиҳабыреи ҳахьӡала, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩыс шәалхра, аиҳабыра русураҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит. Апандемиа иахылҵыз апроблемақәа шырацәоугьы, иссиру ҳаизыҟазаашьақәа агәра сдыргоит анеҩстәи амзақәа рзы ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаареи рырҕәҕәареи шыҟало. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|