Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр, Бриуссель, Европарламент ахада диҧылеит
2021-03-17 Қырҭтәыла евроинтеграциеи адемократиатә аҿиареи апроцесс аҿы Евроеидгыла ароль дуи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи иалацәажәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Европарламент ахада Девид Сасолии реиҧылараҿы. Ишазгәаҭаз ала, арегион аҿы Қырҭтәыла Евроеидгылазы ахадаратә партниоруп. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра, ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс аҿы Европарламенти Евроеидгылеи рылахәызаара ахә ршьоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла апрогресс иазааҭгылеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәыла европатәи аинтеграциа ақырҭуа жәлар ргәазыҳәароуп, 2024 шықәсазы атәыла, Евроеидгыла алаларазы аофициалла азыҳәамҭа ҟанаҵоит. Хшыҩзышьҭра азун „Мрагыларатә партниорра" анеҩстәи асаммитгьы. Аиҧылараҿы иалацәажәеит абри аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура арҭбааразы иҟоу алшарақәеи аперспективақәеи, урҭ апрактикатә алҵшәақәа раиуреи, Евроеидгылеи апартниор тәылақәеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәареи иазкызароуп. Девид Сасоли Иракли Ҕарибашвили даниҧылоз, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Европарламент Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, атәыла европатәии евроатлантикатәи интеграциеи, адемократиатә аҿиареи ишадгыло. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|