Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
2021 шықәсa жьҭаара 25 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa
2021-10-25 Қырҭтәыла аҧыза-минситр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 11 зҵаара ирыхәаҧшит. Аҧыза-министр иҳамҭала, ахҵәацәа рыдгылареи рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа иреиуп. 2012 шықәса инаркны, Қырҭтәыла зехьынџьара аҳәынҭқарра аҟынтә анхарҭақәа роуит зқьыла ихҵәоу аҭаацәарақәа, ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит. Иара убас, иахьа аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәеит аҳәынҭқарра иатәу иеиҭамҵуа амал аилахәыра „Аџьыр аҩны" ишиашоу азыҭира аформала априватизациа иазку ақәҵарагьы, уи инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә программа - „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" аҳәаақәа ирҭагӡаны, аилахәыра „Аџьыр аҩны" аџьырлых ааглыхырҭа аҧҵаразы, асимволтә ахә ала, 1 лари ҳәа, аҳәынҭқарра аҟынтә аиуеит Гардабании, Мартҟоҧии, Вазиании аиланхарҭақәа рҿы иҟоу адгьылҭыҧқәеи урҭ ирықәгылоу аргыламҭақәеи. Аџьырлых ааглыхырҭа ҩышықәса рыҩнуҵҟала иаҧҵахоит, ааглыхырҭа иаларҵоит 3 819 664 лари аинвестициа, уи аҿы аусурҭа роуеит 50-ҩык ауааҧсыра.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa |