Қырҭтәылa aиҳaбырa
government.gov.ge

Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара ала, Украина азарал зауз ауааҧсыра рыцхрааразы Қырҭтәыла аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтә миллион лари алырхуеит

2022-02-26

Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара ала, Украина азарал зауз ауааҧсыра рыцхрааразы Қырҭтәыла аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтә миллион лари алырхуеит.

Ақәҵара инапы аҵаиҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Арезервтә фонд аҟынтә иалху аҧарала, Украина имҩаҧҩысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы, Қырҭтәыла Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыреи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рзы аминистрра, азарал зауз ауааҧсыра рзы аанахәоит афармацевтә аалыҵи амедицинатә зкызаара змоу амаҭәарқәеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура