Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Аҧыза-министр иинициативала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 8-нӡа Қырҭтәыла арегионқәа зегьы рҿы ашықәсҿыцтәи ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит аковидрегулиациақәа рықәныҟәарала
2021-12-23 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иинициативала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 8-нӡа Қырҭтәыла арегионқәа зегьы рҿы ашықәсҿыцтәи ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит. 63 амуниципалитетқәа рҿы еиҿыркаауеит ашықәсҿыцтәи аџьармыкьақәеи, ацәыргақәҵақәеи, ахәыҷтәы агәырҿыхаратә ашҭақәеи. Уааҵәҟьа идыргылоит амҿытә ашықәсҿыцтәи аҩнқәеи, афотоҭыхратә стендқәеи, аинсталиациақәеи. Бабаду амуниципалитетқәа ирықәынхо ахәыҷқәа ахаатәқәеи аҳамҭақәеи рзишоит. Ахәылбыҽхан зехьынџьара аконцертқәа мҩаҧысуеит, урҭ рхы рыладырхәоит аҭыҧантәи амузыкантцәеи аҳҭнықалақь аҟынтә инарыҧхьо ашәаҳәаҩцәеи. Ауснагӡатәқәа хыркәшахоит агәырҕьаратә салиут ала. Ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит абри аихшанҵа инақәыршәаны:
|