Қырҭтәылa aиҳaбырa government.gov.ge |
Иахьа Баҭым имҩаҧысраны иҟоу Қырҭтәыла-Бырзентәыла ашьапылампылтә матч ахәаҧшцәа рыда имҩаҧысуеит
2021-10-09 Баҭым, Лаҵара 26 амҩаҿы анхарҭатә корпус аилаҳара амшала иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы, иахьа Баҭым Қырҭтәыла-Бырзентәыла ашьапылампылтә матч ахәаҧшцәа рыда имҩаҧысуеит. Абилеҭқәа аазхәаз ахәаҧшцәа аҧара рыздырхынҳәуеит. Аматч рбар рылшоит Баҭым инеихьоу Бырзентәыла аделегациеи Қырҭтәыла Ашьапылампылтә федерациа ахаҭарнакцәеи мацара. Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa
|