-
18 Ҧхынҷкәын 2022
Иракли Ҕарибашвили - Иахьа ауриацәа адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит аныҳәа ду - Ханука аныҳәамш, уи алашара аиааира иасимволуп. Сара ауриа жәлар зегьы аҭынчреи, аиааирақәеи, мышхәыбзазареи рзеиҕьасшьар сҭахупАдунеи иқәынхо ауриацәа зегьы иахьа иазгәарҭоит аныҳәа ду - Ханука аныҳәамш, уи алашара аиааира иасимволуп. Сара ауриа жәлар зегьы аҭынчреи, аиааирақәеи, мышхәыбзазареи рзеиҕьасшьар сҭахуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили қарҭтәи Синагога ду аҿы Ханука аныҳәамш аҿы данықәгылоз.
-
18 Ҧхынҷкәын 2022
Қырҭтәыла аҧыза–министр иҟаиҵаз адныҳәалараҲаитәылауаа ауриацәа, аҭоурыхтә аҧсадгьылахь Израильҟа ихынҳәыз ҳашьцәа, ауриа жәлар зегьы гәыкала ирыдысныҳәалоит Ханука аныҳәамш ду.
-
17 Ҧхынҷкәын 2022
Қырҭтәыла аҧыза-министр Бухарест Румынтәыла аҧыза-министр диҧылеитҚырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Румынтәыла иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Бухарест, Румынтәыла аҧыза-министр Николае-Ионел Чуке диҧылеит.
-
17 Ҧхынҷкәын 2022
Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Азербаиџьани, Венгриеи рфымцамҩангагатә цәаҳәақәеи асистемақәеи еидҵаны, Европа, Қырҭтәыла мацараҿ акәымкәа, Аахыҵ Кавказ зегьы аҟны аимадара ашьақәыргылара алшоитАгеополитикатә ҭыҧ абзоурала, Қырҭтәыла, Мрҭашәареи Мрагылареи еимыздо ацҳас, иара убас, амшын ашҟа аҭыҵырҭа змам Аахыҵ Кавкази Ацентртә Азиеи аа-тәылак рзы агәашәс иҟалеит, уи Евроеидгыла ахсаалаҿы крызҵазкәа ҭыҧуп атранспорттә маршрутқәа рдиверсификациеи Европаҟа аенергоресурсқәа рнагареи аконтекст аҿы, - иҳәеит Қырҭтәылa аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Румынтәыла, уаҟа иара апленартә сессиа - «Аенергиа иаҵәа арҿиареи ахархәареи азы астратегиатә партниорра» ихы алаирхәит.
-
17 Ҧхынҷкәын 2022
Апленартә сессиа - «Аенергиа иаҵәа арҿиареи ахархәареи азы астратегиатә партниорра» аҿы иҟаҵаз аҳәамҭақәаАкыр иаҧсоу аколлегацәа, акыр иаҧсоу аҩызцәа! Зҵакы дуу иахьатәи аилатәара алахәылацәа рҿаҧхьа ақәгылара алшара сеигәырҕьоит.
-
16 Ҧхынҷкәын 2022
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аусуратә визитла Румынтәылаҟа ддәықәлеитҚырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аусуратә визитла Румынтәыла аҳҭнықалақь Бухарестҟа ддәықәлеит.
-
15 Ҧхынҷкәын 2022
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов диҧылеитҚырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит.
-
15 Ҧхынҷкәын 2022
Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәылеи Азербаиџьани иҿырҧшыгоу ҳпартниоррала Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара арҕәҕәара ҳацхраауеит, ари ахықәкы ҳзеиҧшуп, ҳара иҭышәынтәалоу арегион ҳбар ҳҭахупҲара ауникалтә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа иҧышәоуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәеи ашәышықәсақәеи рыҩныҵҟала. Ҳаиҩызара ҕәҕәоуп, аигәыларатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура иазку аиҳабырабжьаратә комиссиа 9-тәи аилатәараҿы.
-
15 Ҧхынҷкәын 2022
Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааитАофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов.
-
12 Ҧхынҷкәын 2022
Иракли Ҕарибашвили - Хымҧадатәи арратә маҵзура ииасуеит Атәылахьчара аминистрра асистемашҟа, алҵшәа зхылҵша асистема ҿыц аҧҵахоит, апрограмма фымз еиҵамкәа инагӡахоит, ари апроект иазоуҳашьҭуеит 80 миллион лари еиҳаны, уи амч аиуеит 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркныХымҧадатәи арратә маҵзура ииасуеит Атәылахьчара аминистрра асистемашҟа, алҵшәа зхылҵша асистема ҿыц аҧҵахоит, апрограмма фымз еиҵамкәа инагӡахоит, ари апроект иазоуҳашьҭуеит 80 миллион лари еиҳаны, уи амч аиуеит 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.